АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада амаруга ҿыцқәа аиуит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Ахәышәтәырҭахь Аԥсны анаплакыҩцәа рхеидкыла "Ҳара ҳаидгылоуп", иара убас Москватәи аԥсуа диаспора рхарџь ахҭынҵаны иааргеит автоматикатә биохимиатә анализатори ареактивқәа 1 миллионки 576 нызқьи 699 мааҭ рыхә ала.
"Иҳауз автоматикатә анализатор иҳалнаршоит имҩаԥааго алабораториатә ҭҵаарақәа рыхкқәа рырҭбаара, раԥхьаӡа инаргыланы акоронавирустә инфекциа ахәышәтәразы иаҭаху аҭҵаарақәа рырҭбаара", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Анализатор Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ишьақәдыргылоит иааиуа амчыбжь алагамҭазы.
"Уи аус адызуло амедицинатә персонал иааркьаҿу арҵаратә курс иахысуеит", - ҳәа азгәарҭеит Агәабзиарахьчара аминистрраҟны.
Уаанӡа адырра ҟарҵахьан ԥхынгәы 9 инаркны аусура ишалагаз Аминистрцәа Реилазаараҿы иҟоу агуманитартә цхыраара азҵаарақәа рзы акомиссиа, уи Аԥсныҟа иаауа агумцхыраара аихшара азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аминистрцәа Реилазаара агуманитартә цхырааразы акомиссиа аусура еиҭахацнаркит
-
Аԥсуа наплакыҩцәа реиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" 56 миллион рҟынӡа аԥара еизнагеит