Иҿыцу аграфик ала: аԥсуа тәанчахәқәа рыҭара аҿҳәара инахахоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыплата пенсии
Выплата пенсии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аграфик ҿыц инақәыршәаны, Аԥсны араионқәа руааԥсыра рзы атәанчахәытә шәарақәа мҩаԥыслоит амза 25 инаркны. Зегь раԥхьа атәанчахәқәа роулоит Аҟәеи Аҟәа ариони ауааԥсыра.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшьи Гали араионқәа руааԥсыра атәанчахәы рыҭара иалагоит иааиуа амчыбжь инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны араионқәа руааԥсыра рзы атәанчахәытә шәарақәа рымҩаԥагара иалагеит рашәарамза 25 инаркны. Ишьақәырӷәӷәоу аграфик инақәыршәаны, раԥхьа атәанчахәқәа роуит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони руааԥсыра, анаҩс – Тҟәарчал, Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа руааԥсыра. Арҭ амшқәа рзы Гагра араион ауааԥсыра рыхсаалақәа рахьгьы атәанчахәы аҭалара иазыԥшуп.

Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Атәанчахәытә фонд атәыла араионқәа рҿы атәанчахәы аныршәо арыцхәқәа рҳәеит

"Ҳтәыла араионқәа зегьы рҿы атәанчахәы аҭара иагханы имҩаԥысгәышьоит. Избанзар уаанӡа амза 18 рзы аԥарашәара ҟаҳҵозҭгьы, аграфик ҿыц ала амза 25 нахыс ҳалагоит", – иҳәеит Гәылариа.

Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы иазгәеиҭеит убасгьы ԥхынгәымзатәи атәанчахәқәа амза 25 нахыс рыҭара ишалаго.

Атәылаҿы атәанчахәи аԥаратә цхыраагӡақәеи роуеит зынӡа 44 685-ҩык ауааԥсыра 39 категориа рыла, урҭ рахьтә 29 нызқьҩык раҟара – рықәрала атәанчахәы зауа роуп.

Рашәарамзазы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариеи русуратә еиԥылараан иалацәажәеит аԥсуа тәанчахәы аҭара аҿҳәара мчыбжьык инахар шакәхо азҵаара.

Уи аиԥылараан Гәылара еиҭеиҳәеит Афонд абиуџьет аԥара аҭалара ахьԥсыҽхаз аҟынтә атәанчахәы аҭара аҿҳәара аилагарақәа ҟалар шауа рашәарамзазы, нас иааиуа егьырҭ амзақәа рзгьы.

Атәанчахәытә фонд ахыԥхьаӡараҿы иҟоуп 8 миллионки 400 нызқьи мааҭ, есымза атәанчахәы аҭаразы иаҭахуп 91 миллион мааҭ ҳәа азгәеиҭеит Гәылариа усҟан, иагьиҳәеит Афонд аҿаԥхьа ауал зқәу рымхразы аусурақәа шцо атәы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0