Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амедиаҳәшьа: ачымазара уаналагылоу еилукаауеит аҳәаа аартра азҵаара ахәаԥшра шахәҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукГлавная медсестра Гудаутской ЦРБ Ия Барзания
Главная медсестра Гудаутской ЦРБ Ия Барзания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа еиҳабы Ииа Гәымԥҳа-Барзаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит акоронавирус зцәа иалаз аҵыхәтәантәи ачымазаҩцәа ахәышәтәырҭаҟынтәи ианылырҩаа ашьҭахь ахәышәтәырҭа аусура шеиҿкаау, насгьы аҳәаа аартра азҵааразы лгәаанагара.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иаанханы иҟаз, акоронавирус зцәа иалаз акурсантцәа ҩыџьа ргәы бзиаханы рыҩныҟа иоушьҭуп. Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зцәа иалоу ҳәа уаҩ дшьақәыргылам.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа еиҳабы лажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа аусура иацнаҵоит. Ачымазаҩцәа аус рыдызулоз акарантин ахь ишьҭуп, егьырҭ доусы раамҭа иақәшәаны иҭыҵуеит, арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргоит ҳәа азгәалҭеит Ииа Гәымԥҳа-Барзаниа.

Амедицинатә усзуҩ иара убасгьы аҳәаа аартра азҵааразы лгәаанагара лҳәеит.

 

Амедиаҳәшьа: ачымазара уаналагылоу еилукаауеит аҳәаа аартра азҵаара ахәаԥшра шахәҭам

"Аҳәаа аартра ацәшәара амоуп, Шәача иҟоу баны аҳәаа артра ахәҭаӡам ҳәа исыԥхьаӡоит. Зегьы иаҳбоит амассатә информациатә хархәагақәа иркьыԥхьуа. Иахеи-уахеи ажәлар арахь идәықәлар, аҭагылазаашьа шәарҭахоит. Иахьа Аԥсны цқьоуп, ажәлар зхысхьоу рацәоуп, абыржә еиҭа ак ҳаласыр, ҳзеиҿкаахаӡом ҳәа сгәы иаанагоит. Избази ҳазҭагылази, ҳазҿызи саназхәыцлак уи шиашам збоит. Уара уаналагылоу еилукаауеит аҳәаа аартра азҵаара ахәаԥшра шахәҭам, аха уи сара сгәаанагароуп. Ҳара, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа, ари аус ишахәҭаз ҳазнеит, ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа зегьы наҳагӡон, уи ауп аҳақьымцәа рыбжьара аӡәгьы ачымазара изимыхьыз", - ҳәа еиҭалҳәеит амедиаҳәшьа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0