Аҿар рфорум ҭагалан Аԥсны имҩаԥысыр ҟалоит

© Foto / Предоставлено Сандро ДелбаСандро Делба
Сандро Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрограмма "Аԥсны аԥеиԥш" аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ астудент Сандро Делба ҩымчыбжь рыҩныҵҟа Москва астажировка дахысраны дыҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Аԥснытәи астудент Сандро Делба Аԥсны аҿар рфорумқәа рымҩаԥгара азҵаара далацәажәеит Росмолодежь ахада Александр Бугаеви иареи реиԥылараан. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Делба ихаҭа.

Иара иҳәеит Урыстәыла аҿар Рфедералтә маҵзура ахадеи иареи шеиқәшаҳаҭхаз ҭагалан Аԥсны аҿар рфорум мҩаԥгазарц.

"Аԥсны сышнеилак, афорум аиҿкаара нап аласкуеит. Заанаҵ ишаҳаԥхьаӡаз ала, афорум шәҩык рҟынӡа аҿар алахәхоит. Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешбеи сареи ҳаиԥылар сҭахуп ауснагӡатә Аҟәа иахьымҩаԥгатәу алхразы", - иҳәеит Делба.

Иара астажировка дахысуеит жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент аҿы. Убри аан иазгәеиҭеит акоронавирус иахҟьаны иазыԥхьаӡоу аҽыхьчарақәа зегьы ирықәныҟәоуп ҳәа.

Делба иҳәеит астажировка алҵшәақәа рыла Москва аусура шидыргалаз.

Сандро Делба истажировка мҩаԥысуеит апрограмма "Аԥсны аԥеиԥш" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0