"Аԥсны агәадура" афиналбжахь инеиз рыхьыӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБудущее Абхазии
Будущее Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара афиналбжеи афинали мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәеи цәыббреи амзақәа рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Ишьақәыргылоуп аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" афиналбжа алахәылацәа рреитинг. Абри атәы аанацҳауеит аиндаҭлара асаит.

12-ҩык злахәу акомиссиа 150-ҩык инарзынаԥшуа арзаҳалқәа назышьҭыз рҟынтәи иалыркааит 50-ҩык. Аихшьаалатә балл шьақәыргылан акомиссиа рыхәшьарақәа рыла.

Будущее  Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәразы 150-ҩык иреиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит

Иазгәаҭоуп афиналбжахь инеиз атестқәа ишырхысуа, апрофильтә еиҿцәажәара шымҩаԥгахо. Аиҿцәажәара ашьҭахь ишьақәырӷәӷәахоит 25-ҩык аконкурсантцәа злахәхо аҩбатәи ареитинг.

Афиналистцәа аҳәынҭқарра ахада икадртә резерв иаҵаркхоит, иара аԥҵахоит афиналистцәа анышьақәыргылахалак ашьҭахь. Дара рзы еиҿкаахоит Урыстәыла астажировка ахысреи рҟазара ацҵара апрограммақәеи.

Афинал ахь инеиуа алахәылацәа акомандатә хәмаррақәа ирылахәхоит, апроблемақәа рыӡбаразы ажәалагалақәа аздырхиалоит. Алахәылацәа рхыркәшаратә реитинг анеиҿкаахалак ашьҭахь бжьымш рыҩнуҵҟа аконкурсантцәа рзы онлаин–бжьыҭара мҩаԥыслоит.

70% рыла ишьақәгылоу акомиссиатә баллқәеи 30% онлаин-бжьыҭара иатәу абаллқәеи шьаҭаны измоу ареитинг ала иалкаахоит хәҩык аиааира згаз, Аԥсны аҳәынҭқарратә аппарат аҿы зҭыԥқәа нызкыло.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Аконкурс "Аԥсны агәадура" мҩаԥысуеит Москватәи, Урыстәылазегьтәи Апатриарх Кирилл иҟны Аҿар русқәа рзы ахеилак ахантәаҩы Инал Арӡынба иаԥшьгарала. Аконкурс аиҿкааразы аусдҵа жәабран 19 рзы инапы аҵаиҩит усҟан Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба.

Ажәабжьқәа зегьы
0