"Аԥсныпресс" аиҳабы даҭоуп

© Foto / Манана ГургулияМанана Гургулия
Манана Гургулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ари амаҵура дахагылан Рената Чагәааԥҳа, уи "Аԥсныпресс" аиҳабыс дыҟан 2014 шықәса раахыс.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа Реилазаара адҵа инапы аҵаиҩит Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа "Аԥсныпресс" аиҳабы иаҭаразы. Абри атәы Аминистрцәа Реилазаара асаит аҟны иаацҳауп.

Манана Гәыргәлиаԥҳа уаанӡа "Аԥсныпресс" дахагылан 2003-2014 шш. рзы. 2016 шықәса инаркны лара аинформагентра "Абхазия-Информ" адиректор хадас дыҟан.

Манана Гәыргәлиаԥҳа диит жәабран 6, 1957 шықәса рзы Очамчыра. 1979 шықәсазы далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет афилософиатә факультет.

1979 - 2002 шш. рзы - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа арҵаҩы, анаҩс арҵаҩы еиҳабы.

1993 лаҵарамза инаркны 1995 хәажәкырамзанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитактә ҟәша ареферентс, анаҩс аиҳабыс аус луан.

1995 - 2003 шықәсқәа рзы Аҳәынҭқарратә информагентра "Аԥсныпресс" аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2003 шықәса рашәарамза инаркны 2014 шықәса жьҭаарамзанӡа ари агентра дахагылан. 2014 шықәсазы иаԥылҵеит аинформацитә агентра "Абхазия-Информ".

1994 - 2002 шш. рзы - ауаажәларратә еиҿкаара "Гражданская инициатива и человек будущего" захьӡу Афонд ацхантәаҩы. 2003 - 2012 шш. рзы ажурналистцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аҟәатәи Амеида-клуб" напхгара алҭон.

Аҳәынҭқарратә информациатә агентра "Аԥсныпресс" аԥҵан 1995 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0