"Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" реилазаара ҿыц шьақәыргылоуп

© Sputnik / Марианна КубраваПК участников благотворительного движения Послы доброй воли Абхазии
ПК участников благотворительного движения Послы доброй воли Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аилазаара ҿыц рмиссиа мҩаԥыргалоит 2023 шықәсанӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Ԥхынгәы 17 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахеит аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" апресс-конференциа. Апресс-конференциаҟны аиҿкаара аилазаара ҿыц рылаҳәан.

Милана Хашба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашԥҳа еиҭалҳәеит аицлабра "Аԥсны агәадура" актәи аетап амҩасшьа атәы

Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ацхантәаҩ Милана Ҳашԥҳа еиҭалҳәеит аилазаара ҿыц 20-ҩык шалахәхо. Аԥсуа ган аҟынтәи жәаҩык ҟалоит, аурыс ган аҟынтәгьы убри аҟара.

Аԥсуа ган ахьӡала  аиҿкаара иалахәхоит: Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, актиор Кьасоу Ҳагба, ашәаҳәаҩ Милена Барцыцԥҳа, апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа, анаплакҩы Алиас Ӷәазаа, аԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа, Ахада иусбарҭа аусзуҩ Артур Чакриан.

Аурыс ган ахьӡала  аиҿкаара иалахәхоит: Урыстәыла ахада иҟны ахәыҷқәа рзин ахылаԥшҩы Анна Кузнецова, Аҿар русқәа рзы афедералтә маҵзура анапхгаҩы Александр Бугаев, Амилаҭ усқәа рзы афедералтә маҵзура анапхгаҩы Игор Баринов, Урыстәыла жәлар рартист Николаи Басков, ашәаҳәаҩ Валериа, апродиусер Иосиф Пригожин, адепутат Сергеи Гаврилов, Аҳәынҭдума аҿар рпарламент ахантәаҩы Мариа Воропаева, "Мисс Вселенная", ателемҩаԥгаҩы Оксана Фиодорова, амеценат Константин Голошьчапов.

© Sputnik / Томас ТхайцукПК участников благотворительного движения Послы доброй воли Абхазии
Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа реилазаара ҿыц шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
ПК участников благотворительного движения Послы доброй воли Абхазии

Аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" актәи аилазаара аԥҵан 2017 шықәса рзы.

Аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" шьаҭаркын Москва, 2017 шықәса рзы. Иара агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи, аспорти русхкқәа рҟны агуманитартә проектқәа мҩаԥнагоит.

Иара убасшәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0