Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа Анхәа иазкны: уамашәа иубаратәы иҟоуп аурысцәа реиԥш аԥсуаагьы аҭаауа иалагеит

© Foto / предоставлено Константином ЧитанаваКонстантин Читанава
Константин Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭа Анхәа ахада Константин Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭа иахьатәи абзазаашьа атәы, насгьы аҭыԥантәи ауааԥсыра Анхәа иарҭо азҿлымҳара атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Ҷыҭанаа Анхәа иазкны

"Ақыҭа уаалаԥшыр, угәы иаахәаратәы аҭаацәарақәа рабдуцәа рабацәа рыҩнқәа ахьгылаз ирыцқьаны, акәша-мыкәша ицәаӷәаны, амхқәеи ауҭраҭыхи ҟаҵаны, икеи-кеиуа нап адыркылеит. 198-ҭӡы нхоит иахьа ақыҭаҿы, хыԥхьаӡарала 400-ҩык еиҵамкәа иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Ақыҭа ахада иажәақәа рыла, сынтәа аҭыԥантәи ауааԥсыра Анхәа аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь азҿлымҳара аадырԥшит.

"Анхәа иамоуп аҭыԥ ԥшӡарақәа рацәаны. Аӡмыжьқәа, аҩхаа маҷқәа уҳәа, зегьы аԥсабара иарҿиаз ауп. Уаанӡа аԥхын аамҭаз аҽқәа рыла Афонынтә ныҟәара иааргон аԥсшьаҩцәа, уажәы - ҳара ҳтәқәа аауеит. Уамашәа иубаратәы иҟоуп: аурысцәа реиԥш аԥсуаагьы аҭаауа иалагеит, аинтерес ркит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0