Аҳәынҭнаплакы "Аԥсныргылара" адиректор даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныргылара" аиҳабыс дыҟан Ҭемыр Ҭҟьебучаа.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лыдҵала аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныргылара" адиректор хадас даҭоуп Руслан Тәанба.

Руслан Тәанба диит абҵара 17, 1956 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан. 1973 шықәсазы далгеит Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ. 1982 шықәсазы далгеит аполитехникатә институт Комсомольски-на-Амуре, "Ааглыхратә, атәылауаҩратә ргылара" азанааҭ ала.

Амиран Лагвилава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лагәлаа еиҭеиҳәеит "Аԥсныргылара" иаду аобиектқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы

1982-1985 шықәсқәа рзы аус иуан атрест №6 Аиқәыршәаратә ҟәша анџьныр ихаҭыԥуаҩс.  

1985-1989 шықәсқәа рзы аус иуан азеиԥшргыларатә трест №6 Аарыхратә наплакқәа ркомбинат аҟны.

1989-1993 шықәсқәа рзы аус иуан атрест "Абхазстрой" иатәыз аблокдулатәи аҩныргылара №1 аҟны.

1999-2010 шықәсқәа рзы аус иуан аихабетонтә маҭәахәқәа рзауад №2 аҟны, 2007 шықәса раахыс аунитартә наплакы "Сухумстрой" ҳәа зыхьӡ ԥсаххаз.

2010-2015 шықәсқәа рзы аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныргылара" адиректор хадас дыҟан.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) далахәын. 

Аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныргылара" анардалатәи азеиԥшргыларатә усурақәа мҩаԥнагоит, аргыларатә маҭәахәқәеи, аалыҵқәеи, аконструкциақәеи ҟанаҵоит, апроекттә-ҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0