Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Гәбаадәы (урысшәала "Красная поляна") ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы Ҵәыџьԥсы аӡиас (урысшәала Чвижепсе) ахьыбжьысуа аиҩхааҟны аамҭала инхон, ԥсыуаҵас иуҳәозар, Ҵәыџьаа ҳәа аилазаара (Д. Чачхалиа редакторс дызмоу "Джигетский сборник" аҟынтәи). Амҳаџьырраан урҭ рыбжаҩык Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит, егьырҭ Аԥсны мрагыларатәи аган ахь иааит (ари аҭоурых нагӡаны иҭҵааӡам иҳәоит ҳзыҿцәажәоз Геннади Ҵәыџьба).
Сынтәа, лаҵарамза 21 аҽны, мчыла зыԥсадгьыл иахцаз ҳауаажәлар ргәалашәара амш аҽны, Гагра ақалақьуаҩ Геннади Ҵәыџьба агәаҳәара изцәырҵит иашьцәа-ижәлантәқәа раҳаҭыр азы иаанда аԥхьа "Ҵәыџь ибааш" ҳәа ахьӡҵаны, рдамыӷа асахьа адчаԥаланы аҭоурых уагәылазырԥшуа абааш маҷ аргылара.
"Ас еиԥш иҟоу аидеиа ансызцәырҵ, сыҷкәын сиҳәеит қьаадк аҟны баашк архитектуратә план сызҭихырц. Иара итәала ихаҿы иааиз сахьак анеиқәиршәа, саргьы амҩа сықәнаҵеит. Схы иасырхәоз аматериал акьыр хаҳә сгәыла Зурик Сергьегьиа ҳамҭас исиҭеит. Ахаҳәԥҟагала зегьы ишәа-иза иԥҟаны, ацементи, аҷабгеи еиларҭәаны еиқәысҵеит, схатә фантазиагьы нацҵо. Аиаша шәасҳәап, сыбжьара гәылак днымхеит зыцхыраара сыдзымгалаз. Зегьы агәахәара рнаҭеит, аиҳарак аҭоурых ахьаныԥшуаз", - еиҭеиҳәоит Геннади Ҵәыџьба.
"Ҵәыџь ибааш" ашьҭыхра ҩымз рҟынӡа дадхалеит аԥшәма. Иара ари аус инапы аналеик, Аԥсны иҳамоу аҭоурых-культуратә баҟақәа ҳмилаҭ аргылара ишазҟазаз, акырӡагьы ишрықәҿиоз лабҿаба иубарҭоуп. Ус акәзар саргьы сазыманшәалахароуп ҳәа хәыцырҭас иман.
Аҵыхәтәаны ус иагьыҟалеит. Иахьа, Гагра ақалақь, Мамзышьхаҟа ухазгало Ачерқьесцәа рымҩа арԥшӡоит амҳаџьыраа ргәалашәара иазку ари абааш маҷ.
"Ачерқьесцәа рымҩа аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы, ҳақалақь иаҭаауа асасцәагьы анысуеит. Даргьы егьырҭ ҳкультуратә обиектқәа реиԥш иранаҳәо ҟалап. Насгьы ирбап аԥсуа жәлар шаҟа рҭоурых иазҿлымҳау", - иҳәоит абааш аргылаҩ.
"Ҵәыџь ибааш" маҷ абааштә комплекс ҳәа азуҳәаргьы ауеит. Уи х-хәҭакны ичаԥоуп. Амҵан ишьҭыҵуа амардуанқәа лашьҭуп.
Геннади Ҵәыџьба иазгәеиҭеит абааш аҿаԥхьа ацҳа ахҵарагьы игәы ишҭоу, архитектурала Басла иху иеиԥшны.
Убас гәҭакыс имоуп иаанда 100-150 метра днаваланы Аԥсны еицырдыруа архитектуратә баҟақәа ирхәыҷны ркыдчаԥалара.
"Еицаҳдыруа ҳбаҟақәа, ҳбаашқәа, ҳныхабаақәа ирмаҷны рычаԥара еиҳа исзымариахоит, избанзар урҭ асахьақәа рҿы иҟоуп. Раԥхьатәи ашьаҿа акәын маҷк иуадаҩыз", - ҳәа иажәа иациҵоит аԥшәма.
Геннади Ҵәыџьба "инапы хьуп" ҳәа ззырҳәо иоуп. Иара амҿы аус адуларагьы дазҟазоуп. Иҟаиҵоит ачамгәырқәа, ажәытә аԥсуа маругақәа уҳәа.
"Ҵәыџь ибааш" сазыхынҳәуа исымҳәарц залшом, даҽа символтә ҵакык шаиузгьы. Аԥшәма аргылара хиркәшеит имшира аҽны, ԥхынгәы 15 рзы. Уи арыцхәгьы "салааргәалашәап" ҳәа уаҟа иаирбеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Геннади Ҵәыџьба: ажәытә аԥсуа маҭәарқәа рмузеи аҩны аартра сгәы иҭоуп
-
Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых