Аԥқьаҭасразы ареспубликатә турнир хацыркхеит

CC0 / / Теннис
Теннис  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥқьаҭасразы ареспубликатә турнир аиааирагаҩцәа агәалашәаратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рыҭахоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Аԥқьаҭасразы ареспубликатә турнир хацыркхеит ԥхынгәы 21 рзы. Имҩаԥыслоит бжьымш рыҩныҵҟа ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аспорттә ҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа.

Лара илҳәеит атурнир Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәара ишазку, Урыстәылатәи аԥқьаҭасратә тур асиа ишаҵарку. Атурнир жәларбжьаратәи аҟазшьа аман еснагь.

"Аҳәаа ахьарку иахырҟьаны аҳәаанырцәтәи аспортсменцәа зымааит. Сынтәа ҩныҵҟатә ҟазшьала имҩаԥаагоит. 50-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа алахәхоит. Убри азы ареспубликатә статус амоуп", - лҳәеит Занҭариаԥҳа.

Аӡбаҩ хада ҳәа дықәгылоит Саид Бебиа. Иара иажәақәа рыла, атурнир еснагь Гагра имҩаԥысуан, аха сынтәа Аҟәа имҩаԥгахоит.

Бебиа ишиҳәаз ала, аицлабрақәа ирылахәхоит еиуеиԥшым ақәрақәа змоу арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи.

Атурнир еиҿыркааит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки, Аԥсны аԥқьаҭасразы Афедерациеи, Салыбеи Арӡынба иҭаацәеи.

Аԥқьаҭасразы ареспубликатә турнир аиааирагаҩцәа агәалашәаратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рыҭахоит.

Иара уба шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0