Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҷелиаԥҳа ареспубликатә хәышәтәырҭа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьазы: агәҽанызаара маҷхеит

© SputnikАнжела Арчелия
Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа рхымҩаԥгашьа ахҳәаа азылуит.
Арҷелиаԥҳа ареспубликатә хәышәтәырҭа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьазы: агәҽанызаара лаҳарҟәит

"Сара сгәаанагарала агәҽанызаара лаҳарҟәит, иахәҭоу аԥҟарақәа ҳрықәныҟәаӡом, иагьа ҳҳәаргьы, уи нарыгӡаӡом ишахәҭоу ахәышәтәырҭақәа рҟны, ауаажәаларра ртәы сҳәаӡом", - ҳәа лҳәеит Арҷелиаԥҳа.

Аҳақьым лажәақәа рыла, ачымазаҩцәа зхәышәтәуаз зегьы еилкаауп, рконтактқәа еизгоуп асанитартә ҳақьымцәа рыла, зегьы гәаҭахоит ачымазаара аилкааразы.

Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу акоронавирус хҭыс ҿыцқәа рзы аепидемиологиатә ҭҵаара мҩаԥысуеит

"Ҳгәы иаанагоит дара ачымазара иацәыхьчахап ҳәа, избанзар уаанӡа иҳамаз ачымазаҩцәа зегьы рҭаацәа идмыхькәа ирхыргеит, урҭ издырхьыз маҷуп, аха уи мацара ҳақәгәыӷны ҳныҟәо ҳалагар, аҿкы ҳалаҵәоит", – ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.

Аԥсны аҽа ҩыџьа акоронавирустә инфекциа рцәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынгәы 22 рзы, руаӡәк, Аԥсны атәылауаҩ, Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа дҭоуп, егьи, Аԥсны иҟаз Ермантәыла атәылауаҩ – Шәача дышьҭоуп.

Акоронавирус зыдбалоу Аԥсны атәылауаҩ Краснодар ахәышәтәра дахысуан. Аԥсныҟа дааит жәамшҟа раԥхьа, аха иаалырҟьаны игәы рахәымкәа дҟалан, ахәышәтәырҭахь дааргеит. Акоронавирус шимоу шьақәырӷәӷәахеит ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы. Уажәазы иҭагылазаашьа шәарҭам.
Егьи аҩбатәи ачымазаҩ Аԥсныҟа дааит аԥарарҳаразы. Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дааргеит уажәаԥхьа илаҽыз ачымазара ахы анцәырнага, уи ашьҭахь иуацәа иҟарҵаз аҳәарала Шәачаҟа дышьҭын, иара уброуп COVID-19 шимоу ахьаарԥшхазгьы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0