Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат нанҳәамзахь иахыгахоит

CC0 / / Футболист с мячом
Футболист с мячом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу 27-тәи ачемпионати Атәыла ахраҿеи рзы 2019 шықәса рзы иҟалараны иҟаз ачемпионат афинанстә проблемақәа ирыхҟьаны 2020 шықәсазтәи ааԥынрахь ииаган, анаҩс апандемиа иахырҟьаны аԥхынрахь ииаган.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат нанҳәа 3 - 4 рзы имҩаԥысуеит ҳәа иҳәеит Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко, Ашьапылампыл азы афедерациа, Аспорт азы аҳәынҭеилакы, акомандақәа рхаҭарнакцәа данырԥылоз.

Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ицхырааҩ Рафаель Амԥар иажәақәа рыла, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа командацыԥхьаӡа миллионк-миллионк рзоуижьуеит ҳәа.

ашьапылампыл  - Sputnik Аҧсны
Мыд ихәыц злашәаз: ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионати Ахраҿеи мҩаԥырымгар ҟалоит

Амԥар иажәақәа рыла, Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази Аслан Бжьаниеи реиԥылараан иалацәажәан акомандақәа ачемпионат аҿы рықәгыларазы аԥаразоужьра азҵаара.

"Актәии аҩбатәии ашықәс аԥшьбарақәа рзы аилак ауснагӡатәқәа ахьымҩаԥнамгаз инадҳәаланы Гәбаз ажәадгала ҟаиҵеит аекономиа ззыҟаҵоу аԥарақәа рыла аформақәа аахәазарц", - иҳәеит Амԥар, иагьациҵеит абри азы 150-150 нызқьмааҭ акомандақәа ишрыҭоу.

Уи адагьы, Аилак абиуџьет ҩ-миллионки бжаки мааҭ алагалоуп аӡбаҩцәа ркорпус ази акомандировкақәеи рзи.

27-тәи ачемпионати Атәыла ахраҿеи рзы ахәмаррақәа ирылахәхоит быжь-командак: "Риҵа", "Афон", "Ерцахә", "Самырзаҟан", "Динамо", "Нарҭ", "Гагра".

26-тәи ачемпионат иалахәын ф-командак – "Нарҭ", "Гагра", "Риҵа" "Афон", "Самырзаҟан", "Динамо".

2019 шықәса рзы иҟалараны иҟаз ачемпионат аҟны афинанстә проблемақәа ирыхҟьаны акомандақәа "Афон" "Самырзаҟан" ақәгылара мап ацәыркит, Аԥсны ашьапылампыл азы афедерациаҿы ирыӡбеит ахәмаррақәа 2020 шықәса рахь ииагахарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0