Риҵатәи амилаҭтә парк адиректор ҿыц даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРыбалка на озере Рица
Рыбалка на озере Рица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк уаанӡатәи анапхгаҩы Рита Лолуа хатәгәаԥхарала лмаҵура аанлыжьит 2020 шықәса мшаԥымзазы.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Адамыр Багателиа Риҵатәи амилаҭтә парк адиректорс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Абри атәы зҳәо аусԥҟа кьыԥхьуп Аминистрцәа Реилазаара асаит аҟны.

Риҵатәи амилаҭтә парк уаанӡатәи анапхгаҩы Рита Лолуа лмаҵураҟынтә лхы дақәиҭтәын мшаԥы 23 рзы, уи азы адҵа инапы аҵаиҩит усҟантәи Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба. Лолуа лмаҵура хатәгәаԥхарала иаанлыжьит. Лара ари аҭыԥ аҿы аус луан 2014 шықәса раахыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0