"Сыпроект хықәкы хадас иамоуп ҳадәқьанқәа рҿы ашьақар злам ахаақәа рыдгалара. Хаҭала сара исырҩоит ҳтәылаҿы изызҳауа ашәырқәа, иҟасҵоит ашәырршьшьы – алаҳарҩа, аҵәарҩа уҳәа. Ашәыррҩара аԥсуаа ҳзы иҿыцу усым, анкьа ҳандуцәа еснагь ирыман ахаа-мыхаақәа рҭаҵәах, аӡын азы идырҩон ашәыр, саргьы акы снапы аласкырц сгәы ианҭаск, ари аус ауп зегь раԥхьа схаҿы иааз. Ҳәарада, аханатә саалыҵ аԥсшьаҩцәа ракәын иззырхаз, аха сынтәа уамашәа иубаратәы аҭыԥантәи ауааԥсырагьы азҿлымҳара арҭеит, анаҩс адәқьанқәа рҟынӡа иназгеит. Исоуз агрант схы иархәаны сус сырҭбаарц сҭахуп. Асоциалтә ҳаҿы аицлабра ыҟоуп ҳәа ансаҳа, исҭаххеит схы аласырхәырц. Аха баша арзаҳал аҭара маҷын, апроект аус адулатәын, афинанстә план ҟаҵатәын, уи аус аҿы саҳәшьа дсыцхрааит. Апроект сыҩуан иара апрограмма аҭахрақәа инарықәыршәаны. 77 проект рахьынтә иалырхит 10, урҭ рхыԥхьаӡараҿы сус ахьыҟоу сеигәырӷьоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Жьиԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Смырԥҳа: ақыҭақәа шьақәҳаргылар, аҿар алҵны ицалом
-
Какалиа Кәтол асоциалтә проектқәа рынагӡаразы: ақалақь ахь нхара ицо рхыԥхьаӡара маҷхоит
-
Габлиаԥҳа аҳәынҭқарратә коллеџь аиҭашьақәыргыларазы: ҳаигәырӷьоит, ас еиԥш ҳақәгәыӷуамызт