ООН аҟны ирҳәеит COVID-19 иахҟьаны жәларбжьаратәи атуризм цәыӡқәас иаиуз

© AFP 2023 / Chandan KhannaПустые шезлонги на курорте во Флорида-Кис, закрытом для посетителей во время вспышки коронавируса
Пустые шезлонги на курорте во Флорида-Кис, закрытом для посетителей во время вспышки коронавируса  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуризм аусхк ацәыӡқәа хынтә рыла еиҳауп 2009 шықәсазы аҭыԥ змаз аекономикатә кризис аан аасҭа.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Жәларбжьаратәи атуризм аусхк акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны 2020 шықәса рзы иацәыӡит 320 миллиард доллар ҳәа аанацҳауеит ООН иҟоу Адунеизегьтә туристтә еиҿкаара (UNWTO).

Акоронавирус иахырҟьаны иалагалаз аԥкырақәа рымшала атуристцәа рхыԥхьаӡара 300 миллионҩык рҟынӡа илеит.

2020 шықәса ажьырныҳәа-лаҵара рзы адунеи зегьы аҿы атуристтә ныҟәарақәа 56% рыла илаҟәит. 2019 шықәса лаҵарамза иаҿурԥшуазар – 98% рыла.

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара хәажәкыра 11 рзы акоронавирустә ҿкы COVID-19 аҵысра пандемиоуп ҳәа рыланаҳәеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 16 миллионҩык авирус рцәа иалоуп, 646 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Ԥхынгәы 27 рзы Аԥсныҟа иааны иҟоу Урыстәыла агәабзиарахьчареи Роспотребнадзори рхаҭарнакцәа рделегациа аекспертцәа атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа азгәарҭеит, имҩаԥырго аҭҵаарақәагьы жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәоит ҳәа ахырҳәааит.

Аԥсны иахьаҵанакуа апандемиа иаалагазар 57-ҩык COVID-19 ачымазара рцәа ишалоу шьақәырӷәӷәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0