"Амра анҭашәалак": Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля молодежного театра "После захода солнца"
Премьера спектакля молодежного театра После захода солнца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр иазнархиеит Артур Лоурентс ипиеса "Вестсаидтәи аҭоурых" амотивқәа ирылху аспектакль "Амра анҭашәалак". Ахәаԥшцәа дырбаразы аспектакль азԥхьагәаҭан лаҵарамзазы, аха авирус иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа рымшала иахыган.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Ԥхынгәы 28 ахәылбыҽха Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр ауаа рацәа адеизалеит. Уи зыхҟьаз Аҿар ртеатр иқәныргылаз аспектакль ҿыц "Амра анҭашәалак" аԥхьарбара ауп. Атеатр адиректор Аслан Еныкь ҳаиҿцәажәарақәа руак аҟны иҳәахьан: "Аспектакль аиҳарак аҿар ирзааигәоуп. Сгәы иаанагоит иргәаԥхап ҳәа, ахәаԥшцәа рзы ныҳәак еиԥшхап ҳәа". Ус иагьыҟалаҵәҟьеит, еизаз аҿар маҷымкәа ирылубаауан.

Аспектакль иалахәуп ААУ актиортә ҟазара аҟәша аушьҭымҭацәа. Уи дара рдипломтә усумҭа ауп. Ароль хадақәа назыгӡогьы дара роуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава "Амра анҭашәалак": Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
"Амра анҭашәалак": Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит

Актиор қәыԥшцәа рҭаацәа, иаҭааз ахәаԥшцәа аҩналарҭа аԥхьа игыланы аспектакль алагара иазыԥшуп. Иуаҳауеит ацәажәабжьқәа, ахәыҭхәыҭ быжьқәа. Шьоукы рзыҳәан ныҳәак иаҩызахеит атеатр аҭаара, ҳгәы ԥызҵәахьоу аепидемиа иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа рышьҭахь. Даҽа шьоукы рзы ари амш акыр зҵазкуа ҭоурыхтә мшхеит, избан акәзар раԥхьаӡа акәны актиорк иаҳасабала асценахь дцәырҵуеит рҵеи.

Аслан Еник - Sputnik Аҧсны
Арадио
Еныкь Аҿар ртеатр ақәыргыламҭа ҿыц "Амра анҭашәалак" азы: ҳамчқәа зегьы еидкыланы ҳаҿуп

Сариа Гәымԥҳа аҵара лҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет аҟны. Лара атеатр аҭаара бзиа илбоит, еснагь дазҿлымҳауп, аха иахьа лымҩахыҵра даҽакала дазнеиуеит, избан акәзар раԥхьаӡа акәны асценахь дцәырҵуеит лаҳәшьа. Уи лҽазыҟаҵара атәы дазааҭгыло, Сариа илҳәоит:

"Атеатр сара сгәыблыра адуп, бзиа избоит, иахьынӡасылшо сҽақәсыршәоит аԥхьарбарақәа анымҩаԥысуа. Иахьатәи сымҩахыҵра сара сзыҳәан ныҳәак иаҩызоуп, избан акәзар раԥхьаӡа акәны актрисак лаҳасабала асценахь дцәырҵуеит саҳәшьа. Сара издыруеит уи шаҟа џьабаа лзацу, уахгьы-ҽынгьы аҽазыҟаҵара даҿын, лгәы хыҭхыҭуа иахьатәи аԥхьарбара дазыԥшын. Илзеиӷьасшьарц сҭахуп аманшәалара, агәалаҟара бзиа ахәаԥшцәа рызнагара", - ҳәа азгәалҭоит Сариа.

Аспектакль иалагоит

Ус, асааҭ ахыцқәа быжьба рахь еихеит, иаанартуеит атеатр ашәқәа ҟьаҟьаӡа. Ахәаԥшцәа рҭыԥқәа аанкыланы инатәоит, азал иҩныҩуеит урҭ ргәырҽанызҵо абжьы: "Ҳаҭыр зқәу ахәаԥшцәа, аҳәара ҟаҳҵоит аспектакль алагаанӡа шәҭелқәа шәырцәарц. Иҭабуп шәеилкааразы".

Игоит анапеинҟьабжьқәа, "ахәаԥшцәа ҳахиоуп" аанарго. Алашара ыцәоит, аспектакль иалагоит, амузыка, алашара, асценахь иааиуеит актиорцәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Амра анҭашәалак" ААУ актиортә ҟазара аҟәша аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭа ауп
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Амра анҭашәалак" ААУ актиортә ҟазара аҟәша аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭа ауп

Аиӷара иалиааз абзиабара

Аспектакль абзиабарахаҭа, уззымиааиуа ацәаныррақәа, еиҿагылоу ажәлақәа, аиӷара зыбжьоу, аха абзиабара злиааз аҩганк реимак-реиҿак, бзиа еибабо ҩыџьа зынио ауадаҩрақәеи ҳаамҭа иашьашәалоу ахҭысқәа ирызкуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль аҿы арольқәа нарыгӡон Аҿар ртеатр актиорцәеи актиортә ҟазара аҟәша астудентцәеи
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль аҿы арольқәа нарыгӡон Аҿар ртеатр актиорцәеи актиортә ҟазара аҟәша астудентцәеи

Аспектакль актәи аминуҭқәа инадыркны иуныруан, угәы ҭнарӡыӡаауан, убас еиҿкаан асценеи иалыҩны иааиуаз амузыкеи. Иаԥҵан иҷыдоу атмосфера. Асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ Гарри Дочиа илшеит ахәаԥшцәа ирнырыртә еиԥш асценаҟынтә азал ахь алашеиҿкаара. Ианаамҭаз ицәоит алашара, ианаамҭоу иакуеит, имҩаԥысуа ахҭысқәа уртәыртәуеит. Азал аҟны итәаз ахәаԥшцәа зегьы рҿаԥшылара еиԥшымызт: аӡәы хәыцрақәак дрылан, даҽаӡәы илаԥш актиорк идхалеит, шьоукы зынӡа рылабжыш рзынкыломызт.

© Sputnik / Марианна Кубрава Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дыҟоуп Есма Џьениа
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дыҟоуп Есма Џьениа

Арежиссиор-ақәыргылаҩ Есма Џьниаԥҳа илылшеит актиортә труппа аиҿкаара. Мариа лхаҿсахьа аазырԥшуа ароль хада налыгӡоит Лана Гьергьиаԥҳа. Уи лгәы изцоит лашьа иаӷа Тони. Уи ироль наигӡоит Мурҭаз Гогьиа. Арҭ аҩ-фырхацәак рразҟы ашәарҭара иҭагылоуп. Ирҭааиз абзиабара ацәшәара ду ацуп, Мариа лашьа Бернандо Тони дбаны дзықәгылом. Аԥсҭазаара ирыднагалараны иҟоу ауадаҩрақәа шырныруагьы, рыбзиабара мап ацәыркуам, иазықәԥоит аҵыхәтәанынӡа, аха уеизгьы зегь башахоит… Тони иҩызцәа рхымҩаԥгашьа даҿагылоуп, дақәыӡбоит, ицәтәыму аҟазшьақәа рыдибалоит, аха дара уи дырзеилкаауам.

Ахәаԥшцәа ргәаанагара

Аспектакль антракт аан еилаҳкааит ахәаԥшцәа ргәаанагара.

© Sputnik / Марианна КубраваАспектакль асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ - Гарри Дочиа
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ - Гарри Дочиа

"Атеатр зныкымкәа саҭаахьеит, даара бзиа избоит, еснагь агәахәара ду сынаҭоит. Ҳгәы ԥызҵәахьоу апандемиа акәша-мыкәша иҟаз ацәажәарақәа рышьҭахь раԥхьатәи цәырҵроуп атеатр ахь иахьа сара сзы. Аспектакль макьана ихыркәшаӡам, аха сызхәаԥшыз актәи ахәҭа даараӡа аинтерес аҵоуп. Иқәгылоуп абзиабара атема, макьаназы угәаҵанӡа инеиртә еиԥш иаарԥшуп", - лҳәеит ААУ афилологиатә факультет астудентка Милена Акаба.

Антракт иазыԥҵәаз аамҭа нҵәеит, иалагеит аҩбатәи ахәҭа. Ахәаԥшцәа уажәы еиҳагьы аинтерес кны иазыԥшын, иҟаларызеишь ҳәа. Аемоциеи аибарххареи рацәахеит асценаҿы, еиҿагылеит ҩ-мчык: аиӷареи абзиабареи. Актиорцәа хәмаруан дара ишырныруаз, ахәаԥшҩы дыртәыртәуан, уи дрыцгәырҩон, дрыцгәырӷьон.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль Артур Лоурентс ипиеса "Вестсаидтәи аҭоурых" амотивқәа ирылхуп
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль Артур Лоурентс ипиеса "Вестсаидтәи аҭоурых" амотивқәа ирылхуп

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Виолетта Маан гәахәарыла илыдылкылеит дызхәаԥшыз:

"Раԥхьаӡа инаргыланы Есма Џьениа слыргәырӷьеит. Иахьа режиссиорк иаҳасабала лхы бзианы иаалырԥшит. Лаԥхьаҟа иҵегьы аспектакльқәа рӡыргаразы агәахәара лоуны дҟалааит. Актиорцәа срықәгәырӷьоит. Убас ргәы-рыԥсы аҭаны, ахаҿсахьақәа иаадырԥшуаз уамашәа ибзианы инырыгӡеит. Ирыдысныҳәалоит, иҭабуп акколектив зегьы", - ҳәа азгәалҭеит Жәлар рартист.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль тема хадас иамоуп аиӷара зыбжьоу ажәлақәа ирылиааз арԥызбеи аԥҳәызбеи ирызцәырҵыз абзиабарахаҭа азықәԥара
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль тема хадас иамоуп аиӷара зыбжьоу ажәлақәа ирылиааз арԥызбеи аԥҳәызбеи ирызцәырҵыз абзиабарахаҭа азықәԥара

"Ҳнапы злаҳкыз аус ҳгәаԥхоит"

Аспектакль, ҳәара аҭахума, иахьатәи ҳаамҭа иазааигәоуп, аҿар рхымҩаԥгашьа, рцәажәашьа, изчычоу анаркотикатә маҭәашьарқәа уҳәа реиԥш иҟоу апроблемақәа рызхьарԥшра лҽазылшәеит арежиссиор.

"Аиаша уҳәозар, ҩышықәса раԥхьа исызцәырҵит абри аспектакль ақәыргыларазы аидеиа. Сара схаҭа сыдагьы, атеатр аиҳабыра, асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмааԥҳа, атеатр адиректор Аслан Еныкь исыдыргалеит еицырдыруа амиузикл Аҿар ртеатр иқәдыргыларц. Аиашазыҳәаны, аԥхьа сгәы аахыҭ-хыҭит. Еицырдыруа апиеса ақәыргылара ус имариам, ҳамчқәа азхару, ашәаҳәареи, акәашареи, адраматә хәмарреи рыҟны ҳәа саазхәыцит. Иҳаӡбеит амиузикл акәымкәан, апиеса ҳасабла идҳарбарц ҳахәаԥшцәа. Сара схәыҷаахыз бзиа избон ари апиеса аҭоурых, амузыка ахаҭагьы. Анаҩс мап ацәысымкӡеит. Ацхыраара ду сырҭеит атеатр аиҳабыра, актиорцәа, актиорцәа қәыԥшцәа. Ихәмаруан сынтәа ауниверситет иалгоз актиорцәа, уи дара рзыҳәан дипломтә усумҭоуп. Ақәгыларатә гәыԥ, ахореограф, аус адызулоз зегьы иҳалшеит ҳәа сгәы иаанагоит. Сара избарц шысҭахыз, сшазыԥшыз еиԥш инарыгӡеит актиорцәа. Ари сара режиссиорк иаҳасабала раԥхьаӡатәи сықәыргыламҭоуп. Исызцхрааз, исыдгылаз зегьы даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит", - ҳәа азгәалҭоит арежиссиор-ақәыргылаҩ Есма Џьениа.

Раԥхьаӡакәны асценахь ицәырҵыз аҿар даара агәахәара рнаҭеит излахәыз аспектакль.

"Иахьа раԥхьаӡакәны ҳара, актәи акурс астудентцәа, ҳшьаҿақәа еихаҳгеит асценахь. Даараӡа ҳгәы хыҭ-хыҭуан азныказы, аха нас ҳаишьцылеит, иаҳзымариахеит. Ҳазыҟаҵаҩцәа еснагь иҳавагылан, ҳдыриашон, иҳаҵарҳәон. Ҳгәалаҟазаара даараӡа ибзиоуп, ҳнапы злаҳкыз аус ҳгәаԥхоит, ҳакԥхықәрала ҳазнеиуеит", - ҳәа азгәалҭоит ААУ актиортә ҟазара аҟәша 1-тәи акурс астудентка Диана Абыхәԥҳа.

Аҿар ртеатр адиректор Аслан Еныкь иҳәеит иарбан проблемақәас ирызҵәырҵыз, насгьы апандемиа иадҳәалоу аԥкрақәа ахьынӡарԥырхагаха.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль ахәаԥшцәа хырхит иалагалаз акәашарақәеи, амузыкеи, алашареи
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль ахәаԥшцәа хырхит иалагалаз акәашарақәеи, амузыкеи, алашареи

"Аспектакль хацҳаркит жәабранмзазы, мызкгьы аус ҳзымуӡакәан апандемиа амшала иаанкылан ҳусура. Ҩымз рыҩнуҵҟа актиор ихаҿсахьа аарԥшраҟны ахашҭрақәа ҟалеит. Уи ҳԥырхагахеит хымԥада, аха арежиссиори актиори рҳәатәеиқәшәара иабзоураны уи зегьы ҭышәынтәалахеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит иахьа иаҳзааиз ахәаԥшцәа зегьы, ҳахә зшьаз. Анаҩсгьы иҟаҳҵо зегь ҳахәаԥшцәа роуп изызку", - иҳәеит Еныкь.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль аԥхьарбара хәажәкырамзазы имҩаԥысраны иҟан, аха апандемиазы иаларгалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны иахыган
Амра анҭашәалак: Аԥсуа ҿартә театр аспектакль ҿыц аԥхьарбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль аԥхьарбара хәажәкырамзазы имҩаԥысраны иҟан, аха апандемиазы иаларгалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны иахыган

Артур Лоурентс ипиеса "Вестсаидтәи аҭоурых" амотивқәа ирылху аспектакль "Амра анҭашәалак" ахәаԥшцәа ирбарц рылшоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны, ԥхынгәымза 29 рзы.

Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аԥҵан нанҳәа 21, 2014 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0