АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Даҽа жәҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 88-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп жәҩык. Ачымазцәа ирныруаз ауаа ргәаҭарақәа ирыцҵахоит", - ҳәа аҳәоит аштаб аацҳамҭа.
Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа ҳәа азгәарҭеит аоперштаб аҟны.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рааигәа аамышьҭразы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>