Дагомыстәи ахәышәтәырҭа азыхиоуп ичмазаҩхо Аԥснытәи атуристцәа рыдкылара

© Sputnik Тимур Батыршин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГородская клиническая инфекционная больница в Казахстане
Городская клиническая инфекционная больница в Казахстане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр лыцхырааҩ, ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаара иацклаԥшуа Оксана Гусева еиҭалҳәеит Урыстәыла Аԥсны иацхраар шалшо акоронавирус аиааираҿы.

АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Дагомыстәи ахәышәтәырҭа азыхиоуп COVID-19 заур алшо Аԥснытәи атуристцәа рыдкылара, иара убасгьы амчыбжь нҵәаанӡа ареспубликахь иаараны иҟоуп Сеченов ихьӡ зху ауниверситет аҟынтәи амедусзуҩцәа ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла агәабзиарахьчара  аминистр лыцхырааҩ, ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаара иацклаԥшуа Оксана Гусева.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аекспертцәа Аԥсны амедусбарҭақәа русушьа гәарҭеит

Урыстәыла агәабзиарахьчара  аминистрра аҟазауаа Аԥсныҟа иааиит нанҳәа 4 рзы. Гусева лажәақәа рыла, аусутә аҭаара хықәкны иамоуп COVID-19 змоу ачымазцәа рыхәышәтәра аиҿкаара ахәшьара аҭара. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аҟазауаа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иҟан, апациентцәеи рколлегацәеи ирыҿцәажәеит.

Иара убасгьы дара аҭааны ирбеит Аҟәатәи ацхыраара ласы аҟәшеи ахәыҷтәы поликлиникеи.

"Ҳара ирыдаагалеит ҳфедералтә центрқәеи аконсультативтәи ареанимациатәи центрқәеи ирнырларц", - лҳәеит Гусева.

Лара иазгәалҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарреи адипломшьҭахьтә ҵараз Амедицинатә академиеи аиқәшаҳаҭра ирыбжьоу шьаҭас иҟаҵаны, алшара шыҟоу авирус ахәышәтәра азҵааразы аконсультациақәа онлаин-режим ала рымҩаԥгара.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр лыцхырааҩ, ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаара иацклаԥшуа Оксана Гусева иазгәалҭеит иахьазы Аԥсны иҟоу  аиарҭа-ҭыԥқәа макьаназы ишазхо.

"Уажәазы иҭацәу ашьҭаларҭақәа ыҟоуп. Ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ус иҟалап ҳәа.  Араҟагьы аусура мҩаԥысуеит урыстәылатәи асхемақәа инарықәыршәаны", - ҳәа лҳәеит лара.

Амчыбжь нҵәаанӡа ареспубликахь иаараны иҟоуп Сеченов ихьӡ зху ауниверситет аҟынтәи амедусзуҩцәа - апульмонологцәа, анестезиологцәа, ареаниматологцәа ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо Оксана Гусева.

Урыстәылантә Аԥсны зыԥсы зшьо атуристцәа чмазаҩхар рыдкылара азыхиара атәы далацәажәо, Дагомыстәи ахәышәтәырҭа №2 азыхиоуп урҭ рыдкылара ҳәа лҳәеит Оксана Гусева.

Иара убасгьы нанҳәа 4 рзы имҩаԥысит агәаҭара аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз урыстәылатәи аделегациеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи реилацәажәара.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0