Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа Риҵатәи апарк аԥсшьаҩцәа адкыларазы: макьана зегьы еиқәыршәаны иҳамам

© Foto / предоставлено Адамуром Багателия Адамур Багателия
Адамур Багателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аҳәырԥссара иаҭаауа аԥсшьаҩцәа акоронавирус аламырҵәаразы иҟоу аԥҟарақәа ишрықәныҟәо атәы.
Багаҭелиа Риҵатәи апарк аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: макьана зегьы еиқәыршәаны иҳамам

"Аҿкы аҽацәыхьчаразы макьана зегьы еиқәыршәаны иҳамаӡам. Акрыфарҭақәа аартра иалагеит, урҭ реиҳабацәа ргәырҽанаҳҵоит аҿкы аламырҵәаразы иҟоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. Аҳәаа аартра ҳазыԥшымызт азы атурсезон алагара ҳазыхиамызт. Ҩымш раахыс амҩақәа ррыцқьара ҳаҿуп, даҽа усҟак ҳадхалоит. Амедпункт ааҳартит, уи ахәшәқәа рыла еиқәшәоуп. Ԥшьымш ирылагӡаны аҳәырԥссарахь жәа-нызықьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа ҭалахьеит. Аиҳарак арахь иаауа аекскурсиатә автобусқәа роуп, Шәачантә, рҽеиҿкааны, егьыс ахатәы машьынақәагьы маҷымкәан иҭалоит. Абилеҭқәа рыхәқәа шыҟаҵ иаанхеит. Ауадҳара акәзар, нанҳәамза нҵәаанӡа аҭыԥантәи ауааԥсыра рыла аҭыԥқәа зегьы аанкылоуп", - еиҭеиҳәеит Багаҭелиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0