Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аиба: ҳтәылаҿы акиви уамак бзиа иахьырымбо сгәы иалоуп

© Foto / предоставлено Джотой Аиба Джота Аиба
Джота Аиба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа институт иатәу аԥышәаратә нхамҩа "Ҳара ҳбаҳча" аиҳабы Џьота Аиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ашәырҵлақәа рҽаҩра зеиԥшроу, насгьы иарбан шәыру еиҳарак аԥсуаа азҿлымҳара зырҭо.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аиба ашәырҵлақәа ирызкны

"Зегь реиҳа аҽаҩра бзиа ахьҳауа - аҵәоуп, асҵәҟа ҳтәылаҿы уи бзиа ишырбоз сыздырӡомызт. Иара џьаргьы агара аҭахым, ара аҭыԥан иааины иаархәоит, апансионтқәа срацәажәоит, урҭгьы ргәы иаахәаны иргоит. Аҵәахырҭа ҳамаӡам, убри ыҟазҭгьы иаҳа ҳманшәалахон, аха уезгьы иаргьы аанхаӡом. Иҳамоуп ауадақәа иахьыҩнаҳҵо, аха зегьы реиҳа ихадоу еицырзеиԥшу ҳауак ахьыҟоу аҿы иҟазароуп, мап анакәха ирлас иԥхасҭахоит. Ҳҵәақәа, ара аҭыԥаҿ 40-50 мааҭ ҳәа иаҳҭиуеит. Абаҳчаҿы есымша аус руеит хәҩык, аха аҭаара аамҭазы, мамзаргьы аҵлақәа рыҵақәа анырххтәу, ааигәа-сигәа инхо ааҳаԥхьоит. Атәым милаҭ ҳамаӡам, аԥсуаа аус аныруа иаҳа еиӷьушәа збоит. Ауаҩы иџьабаазы аԥара иоуазар, даашьаӡом. Сгәы иалоуп акиви уамак ҳтәылаҿы бзиа иахьырымбо, ара ҳара ҳҿы аусдкылаҩцәа иаахәаны Урыстәыла иргоит", - еиҭеиҳәеит Аиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0