Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп хә-нызқь рҟынӡа атест-системақәа

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Забайкалье поступила тест-система для определения антигена коронавируса
В Забайкалье поступила тест-система для определения антигена коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьатәи аамҭазы иааизакны коронавирус рыманы ишьоуп 114-ҩык. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, хҩык ԥсит.

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа амазаара ашьақәыргыларазы хә-нызқь рҟынӡа атест-системақәа Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп, абри атәы Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ илҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәратә усбарҭа аиҳабы Саида Делԥҳа.

"Хара имгакәа хә-нызқь система ааргараны иҟоуп, аха ҳара урҭ изыхәҭаны иҟоу ирзымҩаԥаагалоит", - лҳәеит лара.

Делԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаарго атест-системақәа агәаҭара иахыжьуп, рырбагақәа рыгәра угартә иҟоуп.

Иара убас Делԥҳа илҳәеит, нанҳәа 7 рзы Сечин ихьӡ зху аинститут аҟазауаа Аԥсныҟа ишаауа, аковидтә центр ишаҭаауа, иаҭаххар аҭыԥантәи аҳақьымцәа ацхыраара шрырҭо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥснынтә COVID-19 зманы инанаго апациентцәа рзы адкыларҭа дырхиоит Шәача
Ажәабжьқәа зегьы
0