Аицлабра "Swim Sukhum" Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп асабша, нанҳәа 8 рзы.
"Ҵыԥх 1000 метрак аҿы зхы алазырхәыз сынтәа 2700 метра иӡысуеит. Уи иаанаго ауаа аицлабрақәа рҽазыҟарҵо иалагеит. Сынтәа ибзианы иаҳзымҩаԥгар, ҳаԥхьаҟа адистанциа хә-километрак аҟынӡа иҟаҳҵар ҳҭахуп. Уажәазы зегьы иреиҳау 2700 метроуп. Зҽанызҵо ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит, аиашазы, усҟак ҟалоит ҳәа ҳаҟаӡамызт. Ахәыҷқәагьы рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит. Даара иргәапҳоит аицлабра. Амшын аҟәараҿы ҳанхоит, аӡсашьа узымдыруазар, иԥхашьароуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Аицлабрақәа раан аӡсаҩцәа зегьы ахылаԥшра рымазаауеит, аиқәырхаҩцәа аҳақьымцәеи амшын аҟәареи, иара аӡаҟныи иҟалоит", - еиҭеиҳәеит Мамед-оглы.
Аицлабра "Swim Sukhum" Аԥсны хышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи, иара еиднакылоит ҩ-спортхкык: аҩреи аӡсареи.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.