Аԥышәареи агәаҭарахыжьреи: Аԥсны атәылауаҩыс аҟалара шалшо

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik ҷыдала аинтервиу азҭаз Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ, атәылауаҩраз акомиссиа ахантәаҩы Бадра Гәынба далацәажәеит Аԥсны атәылауаҩра заур зылшо, уи азы процедурас изхыстәу ртәы.

Шықәсык ашьҭахь имҩаԥгахеит Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу атәылауаҩра аиуразы акомиссиа аилатәара. Иара хантәаҩра азиуеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадры Гәынба.

- Бадра Зураб-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәа, Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу атәылауаҩра аиуразы акомиссиа аус шауа, аилазаара зеиԥшроу.

- Акомиссиа –еилацәажәаратә консультативтә органуп. Иара алахәылацәа –Апаспорт-визатә маҵзура, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистерра, Адәныҟатәи аусқәа рминистерра уҳәа рхаҭарнакцәа роуп. Дара рахь ауп азыҳәа ҟазҵо ишәҟәқәа ахьынаҳашьҭуа. Атәылауаҩраз арзаҳалқәа ирыхәаԥшны аӡбамҭа адкылара абжьгаратә ҟазшьа амоуп. Аӡбамҭа атәыла ахада иахь инашьҭхоит. Иара иоуп акомиссиа алкаақәа ирықәшаҳаҭхар мамзаргьы мап ацәызкыр зылшо.

Иҟаҵатәузеи Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыц аиуразы - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа тәылауаҩшәҟәы аиушьа

- Аԥсны атәылауаҩра заур зылшо иарбан категориақәоу?

- Раԥхьа иргыланы 18 шықәса ирҭысыз аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи роуп. Убри аан иҟоуп аԥҟарра – анхараз азин анроу инаркны атәылауаҩра аиуразы арзаҳал анашьҭранӡа жәашықәса иреиҵамкәа иҵхьазароуп еиԥымҟьарада Аԥсны рыҟазаара. Егьи акатегориахь иаҵанакуеит уаанӡа атәылауаҩра зманы еиҭаззышьақәмыргыло. Урҭ анхаразы рзин аҿҳәара хышықәсанӡа икьаҿхоит, Аԥсны атәылауаҩ хаҵас ма ԥҳәысс дызмоу рзы – хәышықәсанӡа.

- Арзаҳал акомиссиахь ианынашьҭха ашьҭахь аусқәа шԥеиҿкаахо? Атәылауаҩра аиура апроцедура шԥамҩаԥысуеи?

- Аматериалқәа акомиссиахь инашьҭхаанӡа агәаҭара иахыжьхоит. Уи адагьы хымԥада аҳәынҭқарратә бызшәеи Аконституциеи рдырразы аԥышәара ҭитәуп. Аԥышәарақәа мҩаԥысуеит Аиустициа аминистрраҿи Аҵара аминистрраҿи. Аԥышәара аформа дара аминистррақәа ишьақәдыргылоит.

- Аԥышәарақәа формалла имҩаԥысуоу азнеишьақәа рӷәӷәоу?

- Азакәан аҿы зегьы ирылацәажәоуп. Иаҳҳәап, аԥсуа хәыҷқәа зааӡо ран инагӡаӡаны аԥсуа бызшәа лзымдыруазар ауеит. Убри аан акомиссиа алахәылацәа азхьаԥшра арҭоит уи илааӡо шаԥсыуаау. Аха аиҳарак азакәан иавсуам.

- Шәара еиқәышәыԥхьаӡеит атәылауаҩраз азыҳәа ҟазҵар зылшо атәылауаа ркатегориақәа. Статистикала иарбан категориоу еиҳа азыҳәақәа назышьҭуа?

- Аиҳарак атәылауаҩра зцәыӡны еиҭашьақәзыргыло роуп. Урҭ ауаа ара иит, инхон, аха 1994 - 1999 шықәсқәа раан иҟамызт. Аиҳарак аурысқәа, аерманцәа, ақырҭцәа, Гал араион ауааԥсыра роуп. Урҭ ирҭахуп амилаҭ ишеиуоу аазырԥшуа ашәҟәы рымазар. Ажәлақәа Ҭарбаиа, Зыхәбаиа рҽазыршәоит аҭоурыхтә иаша аиҭашьақәыргылара.

Абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР аҟны еиҭарҳәеит атәылауаҩшәҟә ҿыц амамзаара иацу апроблемақәа

- Атәылауаҩра аҭара мап ацәкра еиҳа мзызқәаны иамоузеи?

- Ихадоу мзызны иҟоуп амаҵзура ҷыдақәа рҟынтәи иҳауа аматериалқәа роуп. Урҭ атәылауаҩра аиура азин ҟарымҵозар ҳаргьы мап ацәаҳкуеит. Арахь иаҵанакуеит аҽа тәылак, Урыстәыла ада, атәылауаҩра амазаара. Убри аан азакәан аҿы иазгәаҭоуп аԥсуааи абазааи иарбан тәылауаҩракзаалак ирымоу иахьмырԥшыкәа Аԥсны атәылауаҩра роур ҟалоит.

- Акомиссиа уа иаанкылахома апроцесс?

- Азыҳәа ҟазҵаз аҽа шықәсык ааҵуаны аиҭазыҳәа ааишьҭыр ҟалоит. Азыҳәа аҟаҵаразы ԥкыра ыҟам.

- Акомиссиа шықәсык ҵуеит аилатәара мҩаԥымсижьҭеи. Абри аамҭала заҟа зыҳәа еизеи, иара асеиԥшгьы зыҟалеи?

- Акомиссиа аҵыхәтәантәи аилатәара мҩаԥган 2019 шықәса рзы. Настәи аҭагылазаашьа атәы сыздырам, исызшәаҳәом. Абри аамҭала еизеит 1500 зыҳәа. Ииасыз аилатәараан ирыхәаԥшын 74, урҭ рҟынтәи 64 рлахьынҵа ҵоураны иӡбан, 10 ма аамҭала ирнахан ма мап рыцәкын.

- Ишԥазыԥхьагәаҭоу акомиссиа ԥхьаҟатәи аусура?

- Ишьақәгылоу анормала ҩымз рахь знык ҳаиқәшәалароуп. Азыҳәақәа рхыԥхьаӡара рацәахар, иҟалоит еиҳа лассы-лассы ҳаиԥылыларгьы, аха макьаназы усеиԥш аҭахны иҟам.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Sputnik акорреспондент Асмат Ҵәыџьԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0