Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рҵара цәыббра 1 азы иалагар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервое сентября во 2-ой школе.
Первое сентября во 2-ой школе. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь рыдкыларазы арзаҳалқәа нанҳәа 20 инаркны рынашьҭра алшоит.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Атәыла аҩныҵҟа авирус зауа рхыԥхьаӡара акыр еиҳамхар аҵарашықәс цәыббра 1 азы иалагоит, абри атәы ателеканал Гал ТВ аефир аҟны иҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа.

"Аҭагылазаашьа шьақәтәар, авирус алаҵәара шәарҭамхар ҳара ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи раартра ҳазыхиоуп. Ичмазаҩу рхыԥхьаӡара шьҭыҵыр апроцесс аанаҳкылоит", - иҳәеит иара.

Аминистрцәа реилазаара хәажәкыра 18 рзы ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аспорттә секциақәа, аҵараиурҭақәа русура ааннакылеит. Аԥсшьарамшқәа ирыцырҵеит хәажәкыра 30 рҟынӡа, аха абри ашьҭахьгьы еиҭакрак залымшеит.

Ԥхынгәы 1 инаркны аоперштаб азин иҟанаҵаз ала ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәа русура иацҵан.

Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 рыдбалоуп – 143-ҩык. 45-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0