Семион Пегов Белоруссиантәи Урыстәылаҟа дцеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДень памяти Андрея Стенина
День памяти Андрея Стенина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Семион Пегов иацы, нанҳәа 10 рзы Минсктәи азинеилагаҩцәа рҭакратә Центр аҟынтәи ихы дақәиҭитәит.

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Ажурналист Семион Пегови зых иақәиҭыртәыз иҩызцәа егьырҭи Белоруссиантәи Урыстәылаҟа инеиит ҳәа Telegram-канал аҿы иҩит RT акорреспондент Константин Придыбаило.

Пегов сыԥсадгьыл ахь сцоит, сыҷкәын имшира идысныҳәалоит ҳәа иҳәеит.

Ажурналист Семион Пегов Минск дааныркылеит нанҳәа 9 ауха. "Комсомольская правда" арратә корреспондент Александр Коц иӡыригеит Пегов дшааныркылоз акадырқәа.

Белоруссиатәи амчрақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит RT, МИА "Россия сегодня" рредактор хада Маргарита Симониан. Лара Белоруссиа аиҳабыреи ҷыдала Александр Лукашенкои рахь ааԥхьара ҟалҵеит Семион Пегов дызлоу иаанкылоу ажурналистцәа рхы иақәиҭыртәырц.

Семен Пегов  - Sputnik Аҧсны
Минск иаанкылаз урыстәылатәи ажурналист Семион Пегов доушьҭуп

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Белоруссиа амчрақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Минск имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа раан иаанкыло ажурналистцәа рхы рақәиҭтәразы.

Семион Пегов – апоет, урыстәылатәи афедералтә телеканалқәа рырратә корреспондент, апроект WarGonzo аиҿкааҩ. Диит 1985 шықәса рзы. Иҩымҭақәа кьыԥхьын альманахқәа "Под часами", "Персона", "Современники". Пушкин ихьӡ зху афестиваль "С веком наравне-2008" алауреат, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа р-Форум "Липки-2011"алахәыла. Семион Пегов 2008 - 2013 шықәсқәа рзы Аҟәа, ателекеилахәыра "Абаза-ТВ" аҟны аус иуан, "Нужная газета", "Чегемская правда", "Новый день" иҩымҭақәа ркьыԥхьуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0