"Спутник V" COVID-19 аҿагылараз: еилкаахеит раԥхьатәи алаҵа хьӡыс иарҭаз

© Foto / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедицинский работник делает укол
Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала иара адунеи аҿы ираԥхьатәиу коронавирус SARS-COV-2 иаҿагыло лаҵоуп.

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу акоронавирус азы алаҵа "Спутник V" ахьыӡҵоуп, 1957 шықәса рзы аҳауа иалаҵаз Адгьыл иԥсабаратәым аспутник аналогиала. Абри атәы аанацҳауеит алаҵа аофициалтә саит аҿы.

"Спутник-1" адунеи зегьы аҿы акосмос аҭҵаара арҿыхеит. Урыстәылатәи алаҵа аҭыжьра акәзаргьы адунеитә еилазааразы "Спутник аамҭа" иақәшәеит. Убри азоуп иара изарҭаз ахьӡ – Спутник V",- аҳәоит асаит адырраҭараҿы.

Алаҵа асаит аԥҵоуп Спутник V азы аинформациа иаша аларҵәарази адунеи АИХқәак рҟны имҩаԥырго адезинформациа аҿаԥҽрази.

Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҳәеит алаҵа аҭыжьра ишалаго Гамалеи центри аилахәыра "Биннофарми".

Алаҵа аҭирҭахь инаргоит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0