Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьонуа еиҭеиҳәеит адгьылҵысра Кәыдры аҩхааҟны инхо иахьынӡарныԥшыз атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Джонуа
Сергей Джонуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит адгьылҵысра Кәыдрытәи аҩхааҟны анхацәа иахьынӡарныԥшыз атәы.

Змагнитуда 3,7 иҟаз адгьылҵысра Аԥсны, Кәыдрытәи аҩхаа иахьаҵанакуа нанҳәа 12 рзы иҟан ҳәа аанацҳаит Европа-Адгьылбжьарамшынтә асеисмологиатә центр. Аҭыԥантәи аамҭала уи ахҭыс асааҭ жәеиза рыбжазы иҟалеит ҳәа азгәаҭоуп. Адгьыл аҵысра аепицентр Аҟәа инахыкны 55 километра иҟан, Ҟарачы-Черқьессиатәи ақалақь Теберда 33 километра рыла иацәыхаран.

Џьонуа еиҭеиҳәеит адгьылҵысра Кәыдры аҩхааҟны инхо иахьынӡарныԥшыз атәы

"Ашьыжь инаркны иахьа адәы сықәуп, машьынала ана-ара ҳнеиуеит. Ишәҳәаз аамҭазы аҩны ҳаҟан, аха изакәызаалак адгьылҵысра ҳәа анхацәагьы акгьы рҳәом, саргьы акгьы сымбеит. Уи нас асеисмологцәа џьара акы рнарбазаргьы, ауаҩы иԥырхагоу ҳәа макьаназы акгьы ыҟам. Хышықәсаҟа раԥхьа иҟан адгьылҵысра. Усҟан аҩнқәагьы ирԥырхагахеит, иԥҽыз ҟалеит, аха иахьатәи амш азы уаҩы иԥырхагоу ыҟам... Ажәабжьқәа ҳашәҳәоит иаҳзымдыруа, уигьы кыр иаԥсоуп", - иҳәеит Џьонуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0