Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Адлеиба Абрыскьыл иҳаԥы сынтәа аԥхын аусура иазкны
Нанҳәа 1 азы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аадыртит. Уи аԥхьа аҩ-тәылак руааԥсыра аҳәаа рахысразы аԥкрақәа алагалан акоронавирус ҿкы иахҟьаны.
"Аҳәаа аартра абарҭ аҵыхәтәантәи ахымш иаҳныԥшуа иалагеит, уаанӡа аӡәгьы дҳамамазыт. Амза 11 инаркны 55 ҩык ҳҭаахьеит (атуристцәа-аред.), еиҿкааны агәыԥқәа ракәӡам, ахатәы машьына хәыҷқәа рыла иаауа роуп. Уи уажәы Аԥсныҟа иҭалаз атуристцәа ҳара ҳахь иаразнак иаауам, Аԥсны егьырҭ аҭыԥқәа анддырбалак ашьҭахьшәа ауп ҳара ҳахь ианаарго. Ҳаиӷьхап ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит Адлеиба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Салаҟаиаԥҳа амаамынааӡарҭа аԥсшьаҩцәа раҭааразы: атурфирма дуқәа макьана ҳаргәалашәаӡом