Хә-сааҭк рыла: атуристтә ретро-дәыӷба Гагра ишаԥылаз

Анапаҵаҩра
Тҟәаԥси Гагреи атуристтә ретро-дәыӷба рыбжьалеит нанҳәа 15 инаркны. Раԥхьатәи амш азы Аԥсныҟа иааит ҩышәҩык инарзынаԥшуа аԥсшьаҩцәа.

Аретро-дәыӷба 11 вагон рыла еибыҭоуп. Заанаҵтәи аныҟәараамҭа абас ишьақәгылоуп: Тҟәаԥс иқәҵлоит ашьыжь асааҭ 05:20 рзы, Гагра иҟалоит асааҭ 10:10 рзы. Гагрантәи Тҟәаԥсҟа ихынҳәуеит асааҭ 19:55 рзы.

Адәыӷбаҿ аплацкарттә вагонқәа хԥа ыҟоуп, азеиԥш вагонқәа хԥа, авагон-ресторанқәа ҩба, акупеитәқәа ҩба, аштабтә вагонқәа акы.

Ажәабжьқәа зегьы
0