АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Ԥхынгәымза анҵәамҭаз Аԥсныҟа иахыргоз iPhone рпартиа контрафактын ҳәа ишьақәнаргылеит атауартә дырга ахатәтәҩы ихаҭарнак илкаа. Абри атәы аанацҳауеит Шәача аҳазалхра апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп ахатәтәҩы 703 824 мааҭ рыхә иԥхасҭа аԥырҟәҟәаауп ҳәа.
Ԥхынгәымзазы иара убасгьы МАПП "Адлер" аҿы иаанкылан Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз аидарамҩангагаҿы 22 ҭоԥ ашәҟәы иҭагаламыз iPhone.
Аҳазалхратә инспектор гәҩарас икит урҭ реиҿкаашьа. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа азыҳәа аныҟарҵа ашьҭахь ишьақәыргылан урҭгьы шконтрафактыз.
Абри аҩыза азинеилагара Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 180 ахәҭа 1 инақәыршәаны аҭакԥхықәра уднаҵоит.
Агәаҭаратә материалқәа нашьҭуп Шәача ААР ахь апроцессуалтә ӡбара адкыларазы.