Ника лпатефон иахьыз: Аҟәа аԥшаҳәаҿы идырым шьоукы аскульптура ахәҭак рӡеит

© SputnikСкульптура архипа Лабахуа "Ника"
Скульптура архипа Лабахуа Ника - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу Ника лскульптура ахаҭа аԥхасҭа аимоуӡеит, аха лывара ишьақәыргылаз апатефон рӡеит, уи акәын акомпозициа хәҭа хадас иамаз иҳәоит аскульптура автор Архип Лабахәуа.

АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Идырым шьоукы Ника лскульптура ахәҭак - апатефон - рӡеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы, абри атәы еиҭеиҳәеит автор Архип Лабахәуа. 

Ахҭыс ҟалеит ҩымш раԥхьа. Аскульптор агәра ганы дыҟоуп ари "аоперациа" заа рҽазыҟаҵаны ишыҟаз.

"Ишсарҳәаз ала, жәаха апатефон рӡахьан. Ари аус рҽазыҟарымҵакәа иҟам. Избанзар иара злеибаркыз абру ӷәӷәан, ус баша иузамхӡомызт. Алом ааргазар акәхап", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Архип Лабахәуа иажәақәа рыла, Ника лскульптура ахаҭа ԥхасҭа арымҭеит, аха апортативтә патефон акомпозициа иахәҭа хаданы иҟан.

"Ари акомпозициаҟны зегь реиҳа угәаҵаҿы инеиуаз Ника агәыр лнапы ахьақәыз акәын, убри агәыр апластинка иаақәыргыланы, амузыка аҳәашашәа иҟан. Убри акәын зегьы иреиӷьыз - уажәы-уажәы амузыка абжьы агара иалагараны иҟазшәа иахьыҟаз", - иҳаилиркаауеит Лабахәуа.

Аскульптура еиҭашьақәургылар алшоит. Автор уи ацәаҟьа изынханы иҟоуп. Аԥароуп зҵаарас иҟоу. Лабахәуа иажәақәа рыла, аџьаз аҭарҭәаразы америкатәи адолларқәа 200 аҭахуп.

Чик. Работа Архипа Лабахуа - Sputnik Аҧсны
Архип Лабахәуа иџьашьахәу идунеи

"Аформа аҭарҭәаразы Ростовҟа ишьҭтәуп, уи мызкы-мызки бжаки агоит. Аҟәа ақалақь адарахь макьана самыдҵаалаӡацт, аха сгәы иаанагоит дара аскультура аиҭашьақәыргылара ахә ршәап ҳәа", – иҳәеит иара.

Архип Лабахәуа амилициа дадымҵаалаӡеит. Аскульптура автор игәаанагарала, апатефон рзыԥшаарангьы иҟаӡам.

"Апатефон ахаҭа ԥшӡоуп. Аха уи рнапаҿы ишааргаз еиԥш ҟалома? Аӡәы апатефон деигәырӷьоит, аха хыԥхьаӡара рацәала ауаа ргәы рыхьуеит уи иҟаиҵаз азы! Аха уеизгьы зегьы рҭыԥ иқәаҳҵап сгәахәуеит. Уажәшьҭа акы аҭыԥан абруқәа хԥа аҳҭоит", - иҳәеит Архип Лабахәуа.

Ника лскульптура Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ишьақәыргылан 2012 шықәсазы.

Ари ахҭыс адагьы Архип Лабахәуа егьырҭ искульптурақәагьы ааха рырҭахьан авандалцәа. Иаҳҳәап, апингвин-философ аԥхьа ишьҭаз ашәҟәи акалами рӷьычит, иара убас 2018 шықәсазы Ҭаҷкәым искульптура амца ацрарҵеит, анаҩс зынӡа иқәыргарц иалагеит. Ус аҟаҵара аҵыхәтәаны ирылымшазаргьы, Ҭаҷкәым иҭаҷкәым ахь аӡы зланеиуаз аӡымҩангагақәа ҩба бжьырхит. Аҟәа ахадара ари аскульптура еиҭашьақәдыргылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0