Аԥсыӡкразы аԥхынтәи афестиваль раԥхьаӡа акәны нанҳәа 21 рзы имҩаԥысуеит амшын ахықәан Шәқәырча аӡҭачы азааигәара.
"Аицлабра ҳәа ҳҳәозар, уи рацәак еицлабраӡам. Аҩызцәа, ақәлацәа аԥсыӡкра пату ақәызҵо, бзиа избо еизганы ныҳәак аҳасабла имҩаԥахӷар ҳҭахәуп, насгьы еиҳарак алахәылацәа еибадырқәо ҳауп. Аицлабра мҩаԥгахоит Аӡҩыбжьа, Шәқәырча амшын аԥшаҳәаҟны. Иазгәасҭарц сҭахуп, аицлабра рхы аладырхәырц Аԥсны ишаҭаауа Шәача, Новороссиск, Краснодарнтә асасцәа. Аԥсуа ҷкәынцәа аицлабра зхы алазырхәа рацәаҩуп. Сгәы иаанагоит 25-ҩык иреиҵамкәа алахәылацәа ҟалоит ҳәа. Сынтәа раԥхьаӡа акәны ауп ари аҩыза аицлабра Аԥсны ианымҩаԥаҳго, есышықәса иацҵахар ҳҭахуп. Аԥхьа иргыланы аԥсыӡкра бзиа избо ҭыԥк аҟны реизгареи, реибадырреи ауп ҵакыс, хықәкыс иҳамоу", - иҳәеит Қәираиа.
Иара еиҭеиҳәеит аԥсыӡкраҟны еицлабуа иарабн ԥҟароу изықәныҟәаша.
Шәазыӡырҩы аудио. иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: