АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз ааҩык ирзышьақәыргылоуп игәаҭоу 24-ҩык рахьтә иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчара аоперативтә штаб.
Хәҩык апациентцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи илҩаан акоронавирус аҟынтәи рыхәышәтәра ашьҭахь. Иахьазы уа ишьҭоуп 14-ҩык апациентцәа.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>