Аԥсуара зегьы ирыцкуп: аԥсуа журналистиказы гәаанагарак

© Fotolia / WellphotoЖурналист берет интервью
Журналист берет интервью - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥкрада еиуеиԥшым ажәабжьқәа реимдара ажәларқәа рыбжьара аинформациатә ҳәаақәа аӡәӡәоит. Аинформациатә дунеи ду аҟны аԥсуаа ҳмилаҭ хаҭара егьырҭ ирылаӡҩамхарц азы акыр зылшо амассатә информациатә хархәагақәа роуп ҳәа иԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа.

Ԥкрада еиуеиԥшым ажәабжьқәа реимдара, амилаҭқәеи ажәларқәеи рыбжьара аинформациатә ҳәаақәа рыӡәӡәара хымԥада урҭ ажәларқәа/амилаҭқәа реинырра алҵшәамхарц залшомызт. Аинформациатә дунеи ду аҟны аԥсуаа ҳмилаҭ хаҭареи ҳкультуреи егьырҭ акультурақәа ирылаӡҩамхарц азы урҭ рнырра ӷәӷәа иацәыхьчатәхеит. Ари аус зхахьы агара зылшо амассатә информациатә хархәагақәа роуп.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ауаҩы ииҳәо – ҳәазар ауп

Аԥсуа журналистика Ажәеи аԥсуа жәлар ркультура-ҭоурыхтә хдырреи рзы ахахьы иаго аҭакԥхықәра афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Артиом-иԥа Амқәаб "Ажәазы аҭакԥхықәра: Аԥсны ажурналистика акультура асемиосфераҿы" захьӡу иусумҭа аҟны кыр инарҭбааны далацәажәоит:

Яблоки - Sputnik Аҧсны
Ахаҳә ашша алызхуа, мамзаргьы харантәи икәалыкәаџьоз аҵәа ҟаԥшьқәа ирыхҳәаау ажәабжь

"Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны ареспублика аперспектива (аԥхьаҟатәи аԥеиԥш) аилкааразы ҳазхьаԥшлароуп, адырга-символтә знеишьа шьаҭас иҟаҵаны, аԥсуа жәлар ркультура-ҭоурыхтә формақәа раларҵәашьеи, даҽакала иаҳҳәозар, ҳтәылаҿы амассатә информациатә хархәагақәа рыҿиашьеи рышьақәгылашьеи аҭоурых. Абас еиԥш иҟоу аҭоурыхи, атрадициақәеи, акультуреи рдырра иабзоураны иҳауеит еиуеиԥшым аҭоурыхтә етапқәа рҿы амасса информациатә хархәагақәа рҷыдарақәа анализ рзуразы алшара. Ажәлар рҭоурыхтә ԥышәа аҽарҭбаауеит ауаатәыҩса ркультуратә ҿиара иабзоураны акоммуникациа асистема амч ала еиқәхоит урҭ реимадареи рҭоурыхтә ԥышәеи. Уахь иаҵанакуеит ауаажәларратә ԥсҭазаареи, аҭоурыхтә хҭысқәеи, аҭоурых аҿы иналукааша ахаҭарақәеи ауааи рылшарақәеи, рылҵшәақәеи, рфактқәеи рыхәшьарақәа".

Автор ихшыҩзцара ишьақәнарӷәӷәоит, аԥсуа жәлар иахьа уажәраанӡа иҳарҳаз аҭоурыхтә ԥышәа анаҩсгьы, еихаҳҳаларц, абиԥарала еимаҳдаларц азы амассатщ информациатә хархәагақәа мҽхакы ҭбаала, еиҳагьы ихадоу – ииашаны ахархәара шрыҭалатәу.

Убри аангьы, иара ажәа иацу аҭакԥхықәра баша-маша дазааҭгылаӡом, ихадоу аҭыԥ аҟны иргылоит. Избан акәзар аԥсуа ианакәызаалак ииҳәаз ҳәазар ауп. Зажәа ззынамыгӡо, зажәеи зуси еивнаго ауаҩы аԥсуаа реилазаараҿы ахаан ҳаҭыр иқәлаӡом.

Аԥсшәаҿы ирацәоуп зажәазы аҭак зыԥхықәым ауаҩы изку аҟазшьарбатә жәеицааирақәа: ииҳәо – ҳәам, ииуа – ум; ибз ада акгьы илам; иажәа – ажәам уҳәа реиԥш иҟоу. Арҭ зегьы баша иҳәоу ажәақәаӡам, жәларык рдунеихәаԥшышьа – изқәыӡбои изхаҵгылои, ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа – абзиақәеи ацәгьақәеи разыҟазаашьа, изҭагылоу аамҭа шырныруа уҳәа ирхылҵыз еилкаарақәоуп. Ажурналист изы ажәазы аҭакԥхықәра изанааҭ иагәыцәу принципуп, избан акәзар ажурналистика егьырҭ азанааҭқәа зегьы раасҭа ажәа аус аднаулоит, ахархәара анаҭоит, уи иабзоураны имҩаԥысуеит асахьаркыратә ажәа ахаҭа аҿиарагьы.

Аха аглобализациа аамҭазы, ауаатәыҩса рсоциалтә ҭахрақәеи, рыхдырреи, реилкаарақәеи ранҽырыԥсах, даҽа знеишьақәак, даҽа хырхарҭақәак цәырҵуа иалагеит ажурналистикаҿгьы.

Ԥароуп иҟоу уажәааны…

Апостиндустриализм аамҭазы ажурналистика адунеи зегь аҟны еиҳа-еиҳа аԥарарҳагатә ус ацәаҩақәа шьҭнакааит. Е.Л. Вартанова лгәаанагарала "Амасса информациатә хархәагақәа иахьа ихадароу аекономикатә хырхарҭақәа иреиуоуп. Урҭ рполитикатә, рсоциалтә, ркультуратә ԥсабара, ахәаахәҭратә закәанқәеи анаплакратә логикеи рнырра иамҽхакуп".

Ашацкыра - Sputnik Аҧсны
Акаҳуеи аҳаҵлеи: аилазаара "Ашацкыра апоетцәа" шеиҿкаахаз

Иахьатәи амасса информациатә хархәагақәа жәпакы (еиҳаракгьы ателехәаԥшратә каналқәа) иҵабыргу ажәабжь ахәаԥшцәа / аԥхьаҩцәа рҟынӡа анагара, аилазаара аҩнуҵҟа иҵарны иқәгыло ауадаҩрақәа рыӡбара, мамзаргьы уи апроблема алкаара зегь раасҭа ихадоу хыдҵаны рҿаԥхьа ианықәыдмыргыло аҿырԥштәқәа ҳбоит.

Лассы-лассы ас еиԥш иҟоу адырраҭарақәа ажәа ҭлаԥҟақәа рыла аимак–аиҿак алацәажәара, иахьынӡауа ала агәаанагара рацәа реизгара, аҳәынҵәеиқәҭәара аҟынӡа инеиуа аиҿагылара аиҿкаара ауп хықәкы хадас ирымоу.

Урыстәылатәи амасса информациатә хархәагақәа (ҷыдала ателехәаԥшра) рхыԥхьаӡараҿгьы "Актәи аканал" аҟны ицо "Пусть говорят", "Россия 1" аҟны ицо "Прямой эфир" реиԥш иҟоу асенсациатә дырраҭарақәа рацәаӡоуп. Еиқәыԥхьаӡоу арҭ аҩдырраҭарак ракәзар, ҳәарада, зегь раасҭа иманшәалоу ҿырԥштәқәоуп, ҳаамҭазы телехәаԥшрала аԥарарҳара (шоу-бизнес) шеиҿкаауи ишымҩаԥысуеи аилкааразы.

Афактқәеи адырра зцу ажәабжьи хырҩа рыҭаны ауҳәансҳәан раԥхьатәи аҭыԥ аҟны изыргыло, зефиртә аамҭа аиҳаракгьы уи ала ихазырҭәаауа арҭ адырраҭарақәа заԥырҵо ателехәаԥшратә зхьаԥшра (реитинг) ашьҭыхра азы мацара ауп. Азхьаԥшра заҟа еиҳахо аҟара, адырраҭара иарҳауа аҟәрышьгьы еиҳахоит аҟнытә, арҭ адырраҭарақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп, рхыԥхьаӡарагьы есааира иацлалоит.

Ганкахьала иџьашьатәуп ас еиԥш иҟоу адырраҭарақәа ахәаԥшцәа реиҳараҩык ахьаднаԥхьало. Атеориа иҳанаҳәои аус аҟны иаҳбои еиқәшәаӡом: зегьы "ишгәаму" рдыруеит, аха уеизгьы зегь ахәаԥшуеит. Уи зыбзоуроу хараӡа адырраҭара ахаҭабзиара акәӡам, ауаҩытәыҩса ипсихологиа ауп аус злоу.

аинтернет ада - Sputnik Аҧсны
Зда ԥсыхәа ҳамам: иҳалшару мышкы аинтернет ада

Ауаҩы иҿы иеимырҳәозаргьы, даҽаӡәы иԥсҭазаараҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа, еиҳаракгьы аимак-аиҿак, ауадаҩрақәа изеинтересуп. Уи атәы здыруа аҳәаанырцәтәи ателехәаԥшратә каналқәа ус еиԥш иҟоу аҭоурыхқәа аилазаараҿы иалԥшааны, иаҭаххаргьы, иаахәаны, ашоу ҳәа зыхьӡырҵо аҳәынҵәеиқәҭәареи алаҭибахреи хықәкы хадас измоу адырраҭарақәа рылырхуеит.

Арҭ апроцессқәа зегьы ауаатәыҩса рыԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа зымҽхазкуа, хадаратәлагьы рылаԥшҳәааи рхатә гәаанагареи рышьақәгылараҿы ароль хада назыгӡо аинформациатә глобализациа алҵшәақәа роуп. Доуҳала алаҟәра ауп зегь раԥхьаӡагьы изызҳәоу, ас еиԥш иҟоу адырраҭарақәа аилазаараҿы азхьаԥшра анрымоу.

Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа!

Ари аҭагылазаашьаҿы, ҳхаҭареи ҳкультуреи ҳахьчарц, ҳаԥсыуааны ҳанхарц, егьырҭ амилаҭқәа ирыламҩашьо ҳхаҿра еиқәҳархарц азы иҟаҵатәузеи?

Арҭ азҵаарақәа иҿаԥхьа иқәыргыланы рҭакқәа рыԥшаара иҽазишәеит афилософ Олег Дамениа "Абхазия на рубеже веков" захьӡу ишәҟәаҟны. Аԥсуа жәлар рҭоурыхи рдоуҳатә ԥышәеи ҭҵааны, урҭ ркультура Кавказ егьырҭ ажәларқәеи адунеитә культуреи ирҿырԥшны, афактқәа жәпакы згәылоу аматериали, аҭҵаарадырратәи алитературатә хыҵхырҭақәеи адгаланы, автор ҳҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы иара игәаанагара ҳадигалоит.

Иаҳҳәап, ауаҩытәыҩса дызҭагылоу аҭоурыхтә аамҭа далацәажәо, автор иҩуеит:

"Иахьатәи аамҭазы ҳазҭагылоу аҭоурыхтә аамҭа "ҩ-системак рыбжьара аҟазаара" аҳасабала ҳахәаԥшыр ҟалоит, убри аангьы дара рыҩбагьы ыҟаӡам: ажәытә система еиларбгоуп азы уажәшьҭа аус ауӡом, аҿыц акәзар – макьана ишьақәырӷәӷәаӡам. Ари "асистематә ҭацәра" иҳаилнаркаауеит ҳаамҭазтәи адунеи зырхыџхыџуа асоциалтә гәамбзиарақәа жәпакы".

Анаҩс, автор излазгәеиҭо ала, ауаатәыҩса реилазаара асистема шьақәзыргыло агәыцә аҳасабала ма еилаҳауеит, мамзаргьы аҭагылазаашьа уадаҩ алҵшьак ԥшааны, аилазаара аформа ҿыц шьақәнаргылоит.

Ари ахшыҩзцара адунеитә еилазаара зегьы амҽханакуеит аҟнытә, аԥсуаагьы иаҳхьысуеит, адунеитә культура ахәҭак аҳасабала. Аха аилазаара системак аҟны аизакра ҳаналацәажәо, зегь раԥхьаӡагьы еилаҳкаалар ҳахәҭоуп ҳарҭ аԥсуаа ҳзы ишыҟам ажәытә, мамзаргьы аҿыц система. Жәынгьы ҿангьы, иацгьы, иахьагьы, уаҵәгьы ҳара ҳзы системас иҟаз, иҟоу, иагьыҟало – Аԥсуароуп. Иара ак заҵәык ауп етноск аҳасаб алагьы, милаҭк аҳасаб алагьы, жәларык раҳасаб алагьы адунеизегьтәи аглобализациа аамҭазы егьырҭ акультурақәа ҳрылазмырӡҩо, уаҵәтәи амш азы ҳхатә хаҿра ҳаманы ҳаиқәырхарагьы зылшо.

Аха ишахәҭоу еиԥш иныҟәаҳгома Аԥсуара иахьа? Аԥсуа журналистика уи аиқәырхареи анаҩстәи абиԥарақәа рызнагареи азы иалшо зегьы ҟанаҵома? Аԥсуара аума иахьатәи аԥсуа журналистика ашьақәгылареи анаҩстәи аҿиареи шьаҭас иамоу?

Итәаны ирымбаз дгыланы ихы дирбон

Ҳаамҭазтәи журналистика еиҳарак ахӡыргаразы ажурналистцәа рхы иадырхәо мыругахеит. Ахӡыргара ашьҭалара ауп измааноу аԥсуа журналистцәа реиҳараҩӡак ателехәаԥшрахьы иахьеихо, акьыԥхь ахьырзеинтересым.

Книга - Sputnik Аҧсны
- Уаԥхьа, аԥхьаҩ, сҩыза уакәзар

Аха аекран аҟны иҽырбо иакәӡам, ԥсыцқьала ргәыхәтәы назыгӡо, рҿахәы зҳәо ажурналист иоуп ауаа бзиа еицырбо. Ажурналист дызлацәажәо атема ҽыҵгас иҟаҵаны ихы раԥхьатәи аҭыԥ аҟны ианиргыло, ахӡыргара даналаго, ахәаԥшҩы уи игәра игаӡом. Даҽакала иаҳҳәозар, ажурналист ахәаԥшҩы "дангаӡеишьо", игаӡаны иааԥшуа ажурналист ихаҭа иоуп, ахәаԥшҩы иакәӡам.

Иара убас, лассы-лассы иахьатәи аԥсуа журналист фырхаҵак иӡбахә аниҳәо, аӡәы даниҿцәажәо, уи ихаҿсахьа гәылыршәаны ахәаԥшцәа/аԥхьаҩцәа ишрызнагатәу ихаршҭны, иара ихы аӡыргара иҽазикуеит, иара ихоуп актәи аҭыԥ аҟны иргыло. Аԥҳал ҟазҵо иахьиҭаху амаа аиҭоит ҳәа шырҳәо еиԥш, ажурналистгьы дзыҿцәажәо иаасҭа иара дҟәышушәа уеизгьы-уеизгьы ауаа идирбарц иҭахуп. Уи ахықәкы лассы-лассы аинтерес зҵам, афырхаҵа дзусҭоу уеилзмыркаауа, ажурналистгьы угәы ихзыршәо абаша еицәажәара алҵшәахоит.

Ахӡыргара акәӡам ажурналист хықәкы хадас иоуша, - хшыҩзышьҭрала дызлацәажәо атема гәылыршәаны, иахьынӡауа ала ацәгьеи абзиеи мӡаӡакәа, иагьеиламырҩашьакәа ахәаԥшҩы изнагара ауп. Ажурналист ихаҭа ихаҿсахьа, уи ада ԥсыхәа аныҟам, ианхымԥадатәиу мацара ауп ианцәыригаша. Ҳәарада, иҟалалоит уи аҩыза аҭагылазаашьақәагьы.

Уажәтәи аамҭазы имҩаԥысуа кыр зҵазкуа хҭыск аӡбахә анҳәатәу, џьара еидысларак ма еибашьрак ҟалазар, ажурналист ихаҿала уи ахҭыс ааирԥшыр илшоит. Аха уи зыҟаиҵо хараӡа аҽырбаразы, ахырҽхәаразы акәӡам. Имҩаԥысуа ахҭыс иҽалархәны ахәаԥшцәа ианырзеиҭеиҳәо, уи алагьы иара уи ахҭыс шаҳаҭра азиуеит ауп иаанаго.

Иаҳҳәап, аибашьра адәы аҟынтәи ажурналист ажәабжь анааицҳауа, "абар заҟа сгәымшәоу, ахы сацәшәаӡом" ҳәа акәӡам ииҳәо (мамзаргьы ииҳәаша), "ҵабыргыҵәҟьаны аиҿахысрақәа мҩаԥысуеит" ҳәа ауп. Анаҩс "афырхаҵа" ҳәа, мамзаргьы "аферым" ҳәа ихҳәаара даԥсоу, мамзаргьы даԥсаму, ахәаԥшцәа роуп изыӡбо.

Аӡыргаратә ҭыӡқәа - Sputnik Аҧсны
Атәым нҩылара аҵаҟа: Аҟәа ақалақь адәахьтәи абызшәа

Ирацәоуп ҵакыла аибарҽхәара иазааигәоу, ажурналист изанааҭ аҟны зынӡагьы изҭыԥымзар ахәҭоу цәала ацәажәара, иара убас даҽаӡәы инапаҵаҟа аусура аҿырԥштәқәа. Аӡәы, мамзаргьы шьоукы ргәы излахәаша, урҭ рҿыԥхьа рхы зладырқьиаша ала зус назыгӡо ажурналистцәагьы зхьаԥшрада иаанхаӡом, аилазаараҿы уамак иақәҿырымҭуазаргьы, зегьакоуп зегьы ирбарҭоуп.

Еиҳарак уи зыдҳәалоу аҟәрышь азҵаара шакәугьы, зны-зынла шьцыларак аҳасабалагьы ахы цәырнагар алшоит. Аха, ишакәхалакгьы, аԥаразы, мамзаргьы даҽа ҿыҵгак азы зхатә гәаанагара иаӷрагыланы даҽаӡәы игәаанагара шьҭызхырц иалаго ажурналист игәрагара зҭаххо рацәаҩхаӡом.

Ажурналист ижәлар ирызнеиго ажәабжь ахаҭа ҳаналацәажәогьы, изызхәыцтәу, хшыҩзышьҭра зҭатәу рацәоуп. Аха зегь раԥхьаӡагьы изызхәыцтәу:тизеиԥшразар ахәҭоузеи аԥсуа журналист ижәлар ирызнеиго ажәабжь?

Ҳара иаҳҳәеит ажурналист иусура шьаҭас, гәыцәс Аԥсуара амазар ауп ҳәа. Аха уи амацара азхома? Ирылшома ажурналистцәа аԥсуа милаҭ ҵасқәеи ақьабзқәеи рылацәажәара мацара ала русура аиҿкаара, аԥсуа журналистика ашьақәыргылара? Ҳәарада, уи ахала азхаӡом. Дыррала азнеира ауп араҟа иаҭаху.

Аԥсуа журналист ижәлар ирызнеиго ажәабжь хымԥада адырра ацзар ахәҭоуп, избан акәзар ажурналистика аҵарааӡара аасҭагьы ауаҩытәыҩса идунеи хазырҭәаауа, илаԥшҳәаа зырҭбаауа, зегь раасҭагьы ихадоу – ихдырра шьақәзыргыло мыругоуп. Ус анакәха аԥсуа телехәаԥшҩы, аԥхьаҩ, азыӡырҩы имилаҭ хаҿра зныԥшуа, иҭоурыхтә гәалашәараҟынтәи иаауа, адырра зцу аинформациа ауп идгалатәу. Иара аԥсышәала ирцәажәаны аҳәаанырцәтәи акультура иахылҵыз "агәамсам" анидыргало, азныказы игәарԥханы идикылоит. Аха уи ҿыцбарах. Анаҩс, иштәыму еиликаауеит, игәгьы лассы иахшәоит.

Еиҳаракгьы избо изаҳауа зхаҿы инхо ахәыҷқәа роуп аҟнытә, урҭ ирзынархоу аматериал архиара еиҳагьы ҭакԥхықәрала иазнеилатәуп. Уи аматериал, раԥхьаӡа инаргыланы, амультфилмқәеи ахәыҷтәы литературеи роуп. Алитература аганахьала уеизгьы-уеизгьы ҳмаџьаноуп ҳәа ҳҳәар ҳиашахом, аха ателехәаԥшра атәы ҳҳәозар, аԥсуа хәыҷқәа зегьы аҳәаанырцәтәи амультфильмқәа роуп изхәаԥшуа. Избан акәзар ахәыҷқәа ирзырхоу аԥсуа мультфильмқәа шамахамзар иҟаӡам.

Аха убри аангьы ҳара иҳамоуп аԥсышәала ицәажәо здублиаж ҟаҵоу аҳәаанырцәтәи амультфильмқәа жәпакы. Ииашоуп, урҭ аԥсышәала иахьцәажәо ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵараҿы ицхыраагӡа бзиоуп, дара ахәыҷқәагьы ицәгьамкәа ирыдыркылоит. Аха зегьакоуп, урҭ амультфильмқәа аԥсышәала ишырцәажәоугьы, аԥсуа милаҭ культура ишахылымҵыз, аԥсуара шьаҭас ишрымам, ус анакәха ахәыҷқәа аԥсуала рааӡараҿы уеизгьы-уеизгьы хәарҭара дук шрылам еилкаалатәуп.

Ҵабыргуп, здублиаж ҟаҵоу амультфильмқәагьы аамҭак рыман, усҟан дара хымԥада иаҭахын аԥсышәала ицәажәо ахәыҷтәы материал арбеиаразы, цхыраагӡак аҳасаб ала ахархәаразы. Аха уажәшьҭа ҳаилазаарагьы еиҳа ашьапы иқәгылеит, еиҳа алшарақәа рацәахеит. Убри аҟнытә, уажәшьҭа аԥсуа фырхацәа злоу, аԥсуареи аԥсуа ԥсҭазаашьеи ахәыҷқәа иҵегьы агәыбылра дзыркыша, ирылазааӡаша аԥсуа мультфильмқәа аԥҵалатәуп.

Астамур Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа: амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аҟны ҳаанымгыларц сгәы иҭоуп

Аҳәынҭқарра аиқәырхаразы аԥсуа хәыҷы ԥсыуала ауп дшааӡатәу, атәым хәыцшьа илааӡаны акәӡам. Атәым культура алазгало изымдырӡакәа ихирбгалоит ихатә культура, еиҳа имариоу џьшьаны, ихатәы дацәхьаҵны атәым ауп ишьҭикаауа. Аха аԥсуа культура иагырханы атәым амаҵ азызуа иԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш азы дшәарҭоуп. Избан акәар уаҟа аԥсуааи аԥсуареи, аԥсуа милаҭ культуреи ирҷыдахаз, атәым культуреи атәым дунеихәаԥшышьеи ирҭыԥымзар ауп.

Аамҭак азы аԥсуа телехәаԥшраҿы иҭыҵуаз адырраҭара "Ашәаџьҳәарақәеи адышшыларақәеи" аҟәыхрагьы иахьа аԥсуа информациатә хархәагақәа аԥсуареи аԥсуа культуреи ишрыцәхьаҵуа зырҵабыргуа ҿырԥштәуп. Иҟалоит ауаа мыцхәы рылахь еиқәнаҵоит ҳәа рыԥхьаӡазар, ма аԥсрақәа зегьы рахь ацара рыднаҵоит ҳәа иазхәыцзар, мамзаргьы даҽа ҿыҵгак арҭазар.

Аха аԥсуаа ражәа "ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп" ҳәа баша-маша иаламзар ҟалап аҟнытә, актәи аҿыҵга аԥсуа хәыцшьеи аԥсуа дунеихәаԥшышьеи кырӡа иацәыхароуп.

Аҩбатәи аҿыҵга акәзаргьы, аҳәаанырцәтәи "армариара" ауп изызҳәо, аԥсуара азааигәарагьы иҟаӡам. Избан акәзар аԥсуа ԥсрак анимаҳалакь, дзымцакәа данынхалак, "исцарҭан" мамзаргьы "алаӷырӡ ҳабжьан" ҳәа гәхьаас иҟаиҵоит, "иахьысмаҳаз еиҳагьы еиӷьуп, ҽыргаӡа ҟасҵап" ҳәа дхәыцӡом. Уи аԥсыуараӡам.

Аԥсуаа рҟны ауаҩы даныԥсуаз аҳәҳәабжь гар акәын. Телехәаԥшрала иадырбоз ашәаџьҳәарақәагьы аҳәҳәабжь иаҩызан, ҳара ҳаамҭазы уи ароль нанагӡон. Ари иреиҳаӡоу культуроуп, ижәытәӡоу аԥсуа ҵасқәа иахьатәи ахаҿра рыҭаны, ҳаамҭазтәи аԥсҭазаашьа ианрааланы ахархәара рыҭара ауп иаанаго.

Ари атема иацҵо узлацәажәаша рацәаӡоуп. Иҭабуп араанӡа иааиз аԥхьаҩ, ус еиԥш уаҩ дҟалазар.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0