Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа адепутатцәа рықәратә ценз ацҵара иазыразхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров республики Абхазия
Кабинет министров республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент Аконституциатә ӡбарҭа иадҵаалеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы "Адепутатцәа рықәратә ценз азы" азакәан апроект Аконституциа иахьынӡақәшәо аилкааразы.

АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы "Адепутатцәа рықәратә ценз азы" азакәан апроект Аконституциа 7-тәи ахәҭа аԥҟарақәа ирышьашәалоуп ҳәа иазханаҵеит, абри атәы аарыцҳауеит аӡбарҭа асаит аҟны. 

Адепутатцәа ари аус азы иадҵааларц рыӡбеит, избанзар атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа хадахьы иалырхуа, азакәанԥҵаратә усура анагӡара знапы ианыло ауаа депутатс рыҟаларазы закәанԥҵарала ишьақәыргылоу 25 шықәса инадыркны ҳәа ақәратә ценз азхом ҳәа рыԥхьаӡеит азоуп.

Аиҭакра инақәыршәаны, Жәлар Реизара адепутатцәа рзы ақәратә ценз 30 шықәса рҟынӡа инахазар ауеит, Аконституциеи атәылауаа рпассивтә алхратә зини еиламгакәа.

"Аҳәынҭқарра адемократиаә механизм хадақәа, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи еилазымго аконституциатә принципқәа азакәанԥҵаҩ илдыршоит атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭахь акандидат ипассивтә алхратә зин аҟны ақәратә ценз аԥҟарақәа еиҭеикыр", - аҳәоит аӡбарҭа аӡбамҭаҟны.

Убри аан иазгәаҭоуп Аконституциатә ӡбарҭа аконституциатә риашарақәеи урҭ амч роушьа аԥҟарақәеи ахәшьара анрынаҭо азин азҵаарақәа роуп иаӡбо, даҽакала иуҳәозар, урҭ Аконституциа иақәшәо, иақәымшәо еилнакаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0