АҞӘА, нанҳәа 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аспорт азҟаза Аинар Кәыҵниа игәалашәара иазку Абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп Диоскураа рыԥшаҳәаҿы, ақьафурҭа "ДЕМ" аҿаԥхьа, нанҳәа 29 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит абоксиор Баҭал Ҷежьиа.
Атурнир иалагоит асааҭ 17:00 рзы.
"Атурнир Аԥсны Абокс азы афедерациа ақәыршаҳаҭуп, ҳара Урыстәыла иреиӷьу аклубқәа рҟынтәи аспортсменцәа ааҳаԥхьеит, аха апандемиа иахҟьаны изымаақәаз рацәаҩуп, атурнирқәа рылахәразы иаармышьҭуа ыҟоуп, аха уеизгьы аҳәаа ахысра иақәиҭыртәуагьы ыҟоуп, урҭ Аԥсны ҳтурнир ахь иаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ҷежьиа иажәақәа рыла, атурнир иалахәхоит Аԥсны иреиӷьу абоксиорцәа, акапантә категориақәа 14 рҟны аиааира зго алкаахоит.
"Атурнир ҽнак ала имҩасуеит, уи иалхәхоит 34-ҩык аспортсменцәа. Арҭ аицлабрақәа есышықәса имҩаԥаагалоит, дара еиҳа-еиҳа рымҽхак ҳарҭбаалоит, иҳарҿиалоит", - иҳәеит Баҭал Ҷежьиа.
Атурнир еиҿыркааит Аинар Кәыҵниа иҩызцәа – Аҟәа ақалақь иатәу абокс ашкол ааӡамҭацәа: Баҭал Ҷежьиа, Саид Смыр, Инал Лакашьиа, Митиа Ҩардан, Лаша Гәымба, Леон Лашәриа, Иракли Ҵурҵумиа, Инал Лагәлаа. Атурнир амҩаԥгараҿы ацхыраара ҟанаҵеит Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ.
Аинар Кәыҵниа (1996 – 2019) – абокс азы аспорт азҟаза, Аҟәеи Подольски ақалақьқәа иртәу абокс ашколқәа рааӡамҭа, урыстәылатәии жәларбжьаратәии атурнирқәа рҟны аиааира акырынтә изгахьаз, абокс азы Аԥсны изныкымкәа иачемпионхахьаз.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аршба: Аԥсны хырхарҭа рацәала иҟоу аспортаизак ҳмоур ҟалом