Иахьа Аԥсны ныҳәатә ԥсшьарамшуп, ақьырсиан иашахаҵараҟны Анцәа иан лылацәеиқәԥсара амш ауп, ҳажәлар рҟны Нанҳәа ҳәа иашьҭоуп.
Ажәлар рытрадициатә культураҟны Нанҳәа аан аишәа дыргылоит. Аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы иԥсхьоу рыуа-рҭахы ргәаладыршәоит. Аишәа иқәырҵоит аҿамаҿа.
"Ацәымза анаҳарклак ашьҭахь ҳаб ус иҳәон: "Шьҭа аишәа шәрыцқьа, аӡӷабцәа, хаҵа имцац, аҷкәынцәа, уаха асааҭ жәаҩа рынахыс шәтәаны шәӡырҩыр ҟалоит", - ҳәа. Убасҟан уӡырҩны иуаҳаз ашықәсан иҟалоит ҳәа иԥхьаӡон. Аҭаацәара салалаанӡа саҳәшьцәеи сареи уи ҟаҳҵеит. Абас аӡәы ауардын дақәтәаны амхы ҭеигалозшәа збеит, ауардын абжьы саҳаит. Аԥсҭазаараҿы уи арԥыс дсынасыԥхеит. Саҳәшьеиҳабы аҳәҳәабжь лаҳаит. Уи ашықәсан ҳгәылаҷкәын амашьына дашьит. Абри ауха асааҭ жәаҩа рынахыс иуаҳауа иақәшәоит рҳәалоит. Ари аныҳәа даара ныҳәа дууп, Анцәа иан лныҳәоуп. Нанҳәа сара мызкы шагу аҽеидкылара салагоит, аишәа иқәсҵари, ҳаԥсцәа ак рыгсмыжьында ҳәа ахәыцра салагоит, џьара иаҳхьымԥшындаз ҳәа сазгәаҟуеит", - лҳәеит Кәабахьиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Бигәаа: Нанҳәа итрадициатәу аԥсуа ныҳәарақәа иреиуоуп