Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Миқаа еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵаразы иаԥҵоу аметодика ҿыц аус шауа

© Sputnik / Илона ХварцкияЛеван Микаа
Леван Микаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хԥа-хәба шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа. Уи аԥырҵеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиара агәыҳалалратә фонд аҟны, иара аиҳабы Леуан Миқаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аметодика аус шауа атәы.
Миқаа еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵаразы иаԥҵоу аметодика ҿыц аус шауа

"Иахьа ахәыҷы иоуа аинформациа рацәоуп, уи аинтернет имоуп, ателехәаԥшра, имоуп, урҭ зегьы ԥсышәала ицәажәаӡом, убри аҟнытә ахәыҷы иахь абызшәа анагара ус ирмаианы уазнеир ҟалаӡом. Ҳара аус здааулаз аметодика шьаҭас иамоуп ахәыҷы иус аинтерес иркра. Дшыхәмаруа, ашәа шиҳәо, дшыкәашо, абызшәа алагаланы ирҵара, арҵаҩи уи ицыхәмаруа ахәыҷқәеи араҟа рроль ҳаракуп. Ахәыҷы абызшәа иаҳа ирлас иҵоит иҩызцәа рҟынтә. Ҳара иазҳархиаз аметодика х-ҩаӡарак рыла ишьақәгылоуп. Актәи - ҭыжьуп, аҩбатәи - акьыԥхь иазырхиоуп, ахԥатәи - еиқәыршәаны ҳалгоит. Абарҭ рыхҩаӡарак рыла ахәыҷы дазыҟаҵазар, аԥсшәа ҳәо ашкол ахь дҳашьҭуеит, аха убри аан аметодика ахархәаразы иаԥҵоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәатәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Миқаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0