Демидов иԥсыбаҩ Арбаика аҳаԥы аҭыгаразы аҩбатәи аетап иалагеит

© Foto / Андрей Шувалов, Илья АлександровРоссийские спелеологи
Российские спелеологи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ишазԥхьагәанаҭо ала, аԥсыбаҩ аҳаԥы аҭыгаразы аоперациа мчыбжьык ала ихыркәшахоит.

АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Урыстәылатәи аспелеологцәеи Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи Арбаика аҳаԥы аҟны ахаҳәқәа реилаҳараан иҭахаз Павел Демидов иԥсыбаҩ аҭыгаразы аҩбатәи аетап иалагеит, абри атәы аанацҳауеит аԥснытәи аиқәырхаратә усбарҭа.

Горный массив Арбаика  - Sputnik Аҧсны
Арбаика аҳаԥаҿы иҭахаз аспелеолог Демидов иԥсыбаҩ ахаҳәқәа ирыҵыргеит

Аурыс спелеолог Павел Демидов, акоманда "Перово-Спелео" алахәыла дҭахеит Арбаикатәи акомплекс аҿы иҟоу макьана иҭҵаам ҳаԥык ахь данлыбаауаз.

Нанҳәа 23 рзы Демидов уи аҳаԥахьы ддәықәлеит иколлега Андреи Шумеико дицны. 305 метра аҵаулараҿы дшыҟаз ахаҳә гәалқәа иқәҳаит. Урҭ арыҵҵра илымшеит Демидов, Шумеико иԥсы игеит.

Андреи Шумеико еиҭеиҳәеит Демидов дахьҭахаз аҳаԥы ҵыԥх, 200 метра рҟынӡа аҵаулараҟынӡа ишаадыртыз. Аспелеолог иажәақәа рыла, абри аҳаԥы Аԥсны мацара акәымкәа, адунеи аҿы зегь реиҳа иҵаулоу акәхар ауеит.

Нанҳәа 26 рзы Демидов иԥсыбаҩ аҳаԥы иҭыгара аоперациа иалагеит. Уи аоперациа иаразнак рҽаладырхәит Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа, уи аоперациа хылаԥшра аиҭоит аминистр Лев Кәыҵниа.

Нанҳәа 29 рзы Павел Демидов иԥсыбаҩ ахаҳәқәа ирыҵырхит, сакасала аҳаԥы аҭыгаразы азыҟаҵарақәа ирылагеит.

Уажәтәи аамҭазы аспелеологцәа аҳаԥахьы анеирҭақәа дрыцқьоит, ишәарҭоу абжьысырҭақәа дырҭбаауеит, сакасала аԥсыбаҩ аиагара маншәалахарц азы. Зныкала еиуеиԥшым агәыԥқәа аус руеит - акы аҳаԥы ахыхь, егьи аҳаԥы аҩнуҵҟа. Аусурақәа зегьы напышьашәала ирҿуп, иҷыдоу амаругақәа рхы иархәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0