Ауаҩы иӷьычразы Аԥсны ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьаусҭҵаара иаҿуп Гал араион апрокуратура, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи роперативтә дгылара рыманы.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Ауаҩы иӷьычразы Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа ашьаус хацдыркит ҳәа аанацҳауеит атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

1962 шықәсазы ииз Џьемали Соселиа дшырӷьычыз азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гал рраионтә аҟәша аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит цәыббра 6 ауха.

Ашьаусԥшаара-оперативтә гәыԥ ишеилнакааз ала, цәыббра 5 асааҭ 22 рзеиԥш Тҟәарчал араион Речхә ақыҭан амаҭәа еиқәаҵәа рышәҵәаны, асабрадақәа рхаҵаны ари ақыҭа анхаҩы Џьемали Соселиа дзықәтәаз  автомашьына BMW ааныркылеит, анаҩс урҭ еилкаам ахаҿқәа Соселиа дрыманы Гал араион Аберқыҭ аганахь идәықәлеит.

"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи ҩ-километрак ахьыбжьоу астанциа маҷа Егры ГЕС аҵакыраҿы идырым ахаҿқәеи Соселиеи рыбжьара аимак ҟалеит, дара гыршәала еицәҳауан, анаҩс аисра иалагеит, уи ашьҭахь дара мчыла Џьемали Соселиа даанкыланы, Қырҭтәылатәи Ареспублика аҳәынҭқарратә ҳәаахь идәықәлеит", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Соселиа иавтомашьына рбеит Гал араион Алаҟәымҳара ақыҭа амҩақәа руак аҿы.

Ишьақәыргылоуп аӷьычра ҟазҵаз ҳәа гәҩарас ирымоуи ирӷьычыз атәылауаҩи шьапыла абнара илсны аҳәаахьчаратә ҭыԥ аҟынӡа ишнеиз ҳәа алкаа ҟарҵеит ААР аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0