Аԥсны ААР иазгәарҭеит ацәгьоурақәа еиҳа иаадырԥшуа ишалагаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ААР
Аԥсны ААР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы иалацәажәеит ацәгьоурақәа раарԥшра азҵаара.

АҞӘА, нанҳәа 8– Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2018 шықәса рзы имҩаԥгаз ацәгьоурақәа 66 процент аадырԥшхьеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Иара убасгьы иазгәарҭеит 2018 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар ацәгьоурақәа 11.6% дрҟынтәи 1.7% рҟынӡа илаҟәит ҳәа.

2018 шықәса рзы 12 уаҩшьра ыҟан. 2008 шықәса рзы - 45 цәгьоура рҟынтәи иаарԥш 48.8% роуп. 1994 шықәса рзы 303 цәгьоура рҟынтәи иаарԥшу 29% роуп. 1998 шықәса рзы 72 уаҩшьра аҭыԥ рыман. Урҭ рҟынтәи 52% аарԥшуп. 2018 шықәса рзы 23 қәылара ыҟан, 77% аарԥшуп. 2008 шықәса рзы ақәыларақәа 44 разбашәҟәы иҭагалан, иаарԥшу 18% роуп. 1994 шықәса рзы ақәыларақәа 23% аарԥшуп. 1998 шықәса рзы - 22 процент.

Ацәгьоура ӷәӷәа ҳәа ишьоу, ауаа рӷьычра аганахь ала 1995 шықәса рзы – 45 факт ыҟан, 2017 шықәса рзы – цәгьоура заҵәык.

Иара убасгьы анаркотикқәа ралагалара иазырхо ацәгьоурақәа еиҳа раарԥшра алыршахо иалагеит ҳәа азгәанаҭеит апресс-маҵзура адырраҭара.

Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны ишьақәыргылоуп анаркотрафик аиҿкааҩцәа аӡәырҩы. Аусқәа Апркуратура хадахьы инашьҭуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0