АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә техника азенитчикцәа аполигон "Ҵабал" аҿы иаԥдырҟәҟәааит «аӷа» ирратә техника аколонна ажәылара. Абри атәы аанацҳауеит арратә база апресс-маҵзура.
Амарш аан амотохысратә ҟәша аколлонна ирыжәлеит адронқәа. Азениттә шьақәгылақәа "Тунгуска" арасчотқәа ацәҟьарақәа ирықәдыршәеит.
Уи адагьы азенитчикцәа иҭадырхеит ажәыларатә авиациа, аверталиотқәа реиԥш зеиԥшыз ацәҟьарақәа. Убри аан рхы иадырхәеит азенит- ракетатә комплексқәа (ПЗРК) "Игла". Ацәҟьарақәа х-километрак рҟынӡа инахараны иҟан.
Ашьхаратә полигон "Ҵабал" аҿы артиллеристцәа иара убасгьы «аӷа» амц дыржьеит иҟамыз амцатә позициақәа еиҿкааны. Убри аан арасчотқәа амцажәылара мҩаԥыргон еиуиеԥшым апозициақәа рҟынтәи.
Зынӡа апалигон Ҵабал аҿы имҩаԥысуаз ҩ-ганктәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирыдыԥхьалан зықьҩык рҟынӡа артиллериатә, амотохысратә, аԥшыхәратә ҟәшақәа рыруаа, ахархәара рыҭан 300 ак арратә техника, 120 мм згәыцә ыҟоу аминометқәа "Сани" налаҵаны.
Иара убасгьы ахархәара рыҭан ҳаамҭазтәи БпЛА "Элерони" аԥшыхәратә комплексқәа "Стрелеци".