Иажәхьоу атехникеи хуаадарыла аӡныхреи: избан Гагра аӡы аиура зыпроблемоу

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСезонное отключение воды в Великом Новгороде
Сезонное отключение воды в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мчыбжьык инахыҳәҳәоит Гагра араион ауааԥсыра асоциалтә ҳақәа рҿы аӡы рымамзаара ишаргәаҟуа атәы рҳәоижьҭеи.

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Гагра араион аҿы ауааԥсыра ӡыржәтәла реиқәыршәара аиԥҟьара амоуп атехникатә ҭагылазаашьеи акурорттә сезон аан ахархәаҩцәа рырацәареи ирхырҟьани, абри атәы арадио Sputnik аҟны далацәажәеит Гагратәи аӡыканал аиҳабы Беслан Цыгәба.

Иара иажәақәа рыла ауадаҩрақәа цәырҵуеит аӡыҭгага станциақәа аныԥхасҭоу. Урҭ рыԥсахразы афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩуп, алшара ыҟам.

"Иара убасгьы ипроблемоуп араион аҿы алашара андырцәо. Аамҭа кьаҿк алашара еиԥҟьаргьы нас аӡыҭгагақәа русура аамҭа аҭаххоит. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ауаа ӡыда  ҩба-хԥа сааҭ  рыҟазаара еиҳам. Раионқәак рҿы аграфик ахархәара мҩаԥаагоит аӡеизакырҭақәа рҿы аӡы амаҷра иахҟьаны", - иҳәеит иара.

Цыгәба иазгәеиҭеит аԥхынразы аӡы ахархәара еиҳахоит ҳәа.

"Џьоукы-џьоукы руҭрақәа аӡы анрықәырҭәо аӡы аҽҽаҳәа ихуаадаха ицоит", - иҳәеит иара.

Уаанӡа Sputnik аинтервиу аҭо иара иҳәахьан аӡыржәтә аиура шыпроблемоу иаанхоит аӡымҩангага ҿыц ахархәарахь инарышьҭаанӡа ма аӡыҭгага ҿыцқәа  аархәаанӡа ҳәа.

Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Тимур Агрба иажәақәа рыла аӡымҩангага Аинвестициатә программа иаҵаркуп 2020–2022 шықәсқәа рзы.

Агрба иазгәеиҭеит аӡымҩангага иажәыз ахәҭа шакәу иԥсаххо, шьаҭанкыла аԥсахра апрограмма абиуџьет ахь ишаҵанамкуа, убри аан ахәҭактә ԥсахра Гагра араион зегьы ӡыла аиқәыршәара шзалнамыршо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0