Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа Аиааира амшқәа ирызкхо ацәыргақәҵазы: ганрацәала ахәыцрақәа узцәырнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭльвира Арсалия
Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Асахьаҭыхҩы. Аамҭа. Агәалашәара" захьӡу Аиааира амшқәа ирызку ацәыргакәҵа аатуеит цәыббра 22 рзы Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Уи ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иӡыргахо аусумҭақәа ртәы.
Арсалиаԥҳа Аиааира амшқәа ирызкхо ацәыргақәҵазы: ганрацәала ахәыцрақәа узцәырнагоит

Аԥсны акультура аминистрра адгыларала Аҟәа еиҿкаахоит Аԥсны жәлар рџынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааиреи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵреи ирызку ацәыргақәҵа.

"Асахьаҭыхҩы. Аамҭа. Агәалашәара" - зымҽхак ҭбаау проектуп. Уи еиднакылоит 70 инареиҳаны аусумҭақәа. Урҭ рыбжьара иҟалоит Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиеи Гәдоуҭатәи Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи рҟынтәи аусумҭақәа, иара убас ахатә коллекциақәа рҟынтәи.

"Ари ацәыргақәҵа иаанарԥшуа асиужетқәа даара ирацәоуп. Иаҳҳәап, иаҳа афилософиатә зҵаарақәа ықәзыргыло, ахәаԥшҩы ганрацәала ахәыцрақәа изцәырызго цәыргақәҵоуп. Аибашьра иадҳәалоу агәалашәарақәа, ацәыӡра, азаҵәра, агәырӷьара, алаф ганрацәала иаазырԥшуа цәыргақәҵоуп. Иара ажанрла ареализм, абстракциа, астильқәа аграфика, аскульптура, аҩычара-хархәаратә ҟазареи, аплакатгьы аарԥшхоит", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0