Адистанциеи арзҩыдареи: иарбан ԥкырақәоу COVID-19 иахырҟьаны иаларгаларц иҟоу

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота сотрудников "Кубань-СПАС"
Работа сотрудников Кубань-СПАС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿ акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы имҩаԥган атәыла ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз акоординациатә штаб аилатәара.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Ауаажәларратә палата аилатәараҿы еиҭеиҳәет авирус аламырҵәаразы иарбан ԥкырақәоу иазыԥхьагәаҭоу.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ачарақәа рымҩаԥгара аанкылазарц ажәалагала ҟаҵоуп

Иара даԥхьеит ахада иусдҵа апроект.

"Иацы, акоординациатә штаб аилатәараан алахәылацәа зегьы еицҿакрыла иазааит аԥкырақәа шалагалатәу. Раԥхьа иргыланы ажәалагала ҟаҵан ауаа рацәа еидызкыло акультуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥымгаразы", - иҳәеит иара.

Апроект инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп:

  • массала аспорттә, агәмырҿыӷьратә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа ахыбрақәа рыҩныҵҟа рымҩаԥгара алмыршара. Арахь иаҵаркым акультуратә усҳәарҭақәа. Урҭ ируалԥшьоуп русзуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа ныҟәыргартә аиҿкаара, ауснагӡатәқәа рҭааҩцәа рыбжьара аҭыԥ ҭацәқәа рааныжьра, есыҽны арзҩыдара амҩаԥгара.
  • иара убасгьы ачарақәеи егьырҭ аныҳәатә уснагӡатәқәеи аанкылатәхоит. Аԥсыжрақәа рҿы акәзар, ауаа рмаҷра азыԥхьагәаҭатәуп.
  • ауаажәларратә крыфарачаратә обиектқәа хымԥада аишәақәа рыбжьара адистанциа аздырхиароуп, амаҵзуратә персонал ахыхьчагатә хархәагақәа ныҟәыргозароуп.
  • афатәаалыҵи, ақыҭанхамҩатәи, ацәамаҭәатәи џьармыкьақәа рхадарақәа рнапы ианҵатәуп есыҽны апрофилактикатә рзҩыдара мҩаԥыргаларц, рҵакырақәагьы налаҵаны. Аҭиҩцәа ракәзаргьы ахыхьчага хархәагақәа рымазароуп.
  • аҭыԥантәи ахадарақәа есыҽны ауаажәларратә транспорт аҿы апрофилактикатә рзҩыдара мҩаԥыргалароуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра жьҭаара 15 рҟынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны авирус змоу ахаҿқәа рнагарҭа ҭыԥқәа аздырхиарц анапы ианҵоуп.

Аҵара аминистрреи аҭыԥантәи ахадарақәеи ашколқәраҟынӡатә усҳәарҭақәеи аҵаратә усҳәарҭақәеи ахаҭалатә хыхьчагақәа рыла еиқәдыршәароуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра ауааԥсыра аинформациа рнаҭалароуп аимҳәеи ахьҭалалареи апрофилактика рзуразы.

"Арҭ ауснагӡатәқәа ахада ишьақәирӷәӷәараны дыҟоуп. Ҳауаажәлар еилыркаап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ашәарҭара ыҟоуп", - иҳәеит иара.

Аԥкырақәа амчра анроуа арыцхә макьаназ ишьақәырӷәӷәам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0