Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Афырхацәа рымҩала: Зарданиа Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иазкны

© Foto / предоставлено Русланом Зарандия Руслан Зардания
Руслан Зардания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 16 рзы иалагоит Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара. Ажәылара иалахәыз Аԥсны Афырхаҵа Руслан Зарданиа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит уи шеиҿкааз атәы.
Афырхацәа рымҩала: Зарданиа Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иазкны

Цәыббра 16 рзы ажәылара иалагоит ҳәа ҳаҳаит ашьыжь, сааҭбжак шагыз, уаанӡа ҳалацәажәон, еилкаан иахьа-уаҵәы ҳашжәылоз ҳәа игәалаиршәоит Зарданиа.

"Еиҳарак ицәгьаз, анкьа аԥҭека анапхгараҭара Иашҭәхәа иҟаз ахәы агара акәын. Уаантә Гәымсҭа, Алашарбага аҳабла уҳәа уқәыԥшуа иҟоуп, уаантә атанкқәа, артиллериа ргыланы зегьы унапахьы иааугон, убри аҟнытә уа рҽырӷәӷәаны итәан ақырҭқәа. Аидысларақәа ӷәӷәаны иҟан уи аҭыԥ аҿы, Пицундаа рбаталиони аерманцәа рбаталиони жәамш инарзынаԥшуа еибашьуан ақырҭқәа уаантә рықәцаразы. Амза 26 рзоуп уи ахәы ҳнапахьы ианааҳга…", – ҳәа еиҭеиҳәеит Зарданиа.

Цәыббра 16, 1993 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иалагеит аҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахақәиҭтәразы иҵыхәтәантәихаз мҽхакыҭбаалатәи ажәылара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0