Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷедиа ачарақәа раанкыларазы: ажәлар ахьцо-иахьаауа рзеилымкаауа иҟалеит

© Foto / предоставлено Автандилом ЧедияАвтандил Чедия
Автандил Чедия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачарақәа рура аамҭа ахыгахоит иааиуа амзазы. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ачараурҭатә хыбрақәа рыԥшәмацәеи ачара аҿҳәара ԥызҵәахьоу ауааи зҭанаргыло ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит абанкеттә зал аиҳабы Авҭандил Ҷедиа.
Ҷедиа ачарақәа раанкыларазы: ажәлар ахьцо-иахьаауа рзеилымкаауа иҟалеит

Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа ҭижьит "Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра ргәабзиара акоронавирустә инфекциа COVID-19 ацәыхьчаразы хаз игоу уснагӡатәқәак рышьақәыргыларазы" ҳәа. Аԥкрақәа азинмчы роуеит жьҭаара 5 инаркны. Урҭ инарықәыршәаны, ачарақәа рымҩаԥгара аанкылатәхоит.

"Ашықәс нҵәаанӡа 20-25 чара ҳәа ашәҟәы ианҵаны иҳамоуп. Аԥарагьы ԥароуп, аха ачымазара ыҟазар, аҳәынҭқарра ахада иҭижьыз аусԥҟа ажәлар ацныҟәоит ҳәа ауп ишыздыруа, ус ауп ишеилыскаауа. Ажәлар чмазаҩхар, ирыцҳашьатәуп. Ауаа кредитла аԥара ргеит, ачара иазыԥшын, аха иҟауҵои. Ачара ахьыруа ахыбрақәа рҟны 40-45 рҟынӡа ҽнак иҭыҵуа ауаа аус руеит… Ачарақәа рыҿҳәара ԥҵәоуп. Октиабр азы ашәҟы ианыз сентиабр ахь рҽанырҵар рҭаххеит, агәыҭҟьара иҟоу збоит, аҩашагьы ачарақәа ҟарҵо иалагеит", - иҳәеит Ҷедиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0