Россотрудничество урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аквотақәа рсистема ареформа азнауеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтуденты Московского Государственного педагогического университета
Студенты Московского Государственного педагогического университета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭдума адепутат Евгени Примаков Россотрудничество анапхгаҩыс дҟаҵан рашәарамза анҵәамҭазы. Россотрудничество ахада ҿыц иусура ахырхарҭа хадақәа ракәны аӡбахә иҳәеит аҳәаанырцәуаа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аквотақәа рзоужьра асистема ареформа азура.

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik, Алексеи Стефанов. Мрагылара ааигәа атәылақәеи Балтиа атәылақәеи рабитуриентцәа рзы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы хәыдаԥсадатәи аҭыԥқәа роужьра аформат ареформақәа азухоит ҳәа иҳәеит Россотрудничество анапхгаҩы Евгени Примаков.

Онлаин-маҵзура Аԥсны аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа иҭаларазы иазыҟанаҵоит - Sputnik Аҧсны
Онлаин-маҵзура Аԥсны аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа иҭаларазы иазыҟанаҵоит

"Аквотақәа рхыԥхьаӡара иацҵахоит - убас ахада (Владимир Путин – аред.) иҳәахьеит. 2023 шықәса рзы аквотақәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҳахароуп. Аха Аҵара аминистрреи Аҳәынҭдумеи рҟынтәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицәажәара ашьҭахь иазаҳаԥхьаӡеит дара аквотақәа рхаҭа хра рыманы ишыҟам", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество ахада Евгени Примаков.

Ҿырԥштәыс иааигеит Белоруссиа. Уи иазоужьын абиуџьеттә ҭыԥқәа рацәаны, аха Урыстәыла Польшаҵәҟьа иацнанамгеит.

"Аполиакцәа аҵараз алшара адагьы астудентцәа рзы астипендиақәа, агрантқәа аунашьҭуеит. Ҳара ирыдаагало аҵараҵара заҵәык ауп. Асистема рҿыцтәуп. Шәааи, аҵара шәҵа адагьы, абар шәызлааша-шәызлацаша абилеҭ, абар шәынхарҭа ахәԥса ҳәа роуҳәароуп", - иҳәеит Примаков.

Россотрудничество аинтересқәа ирыҵаркуеит аҳәаанырцәуаа, Урыстәылаҟа аҵараз иаауа зыҩаӡара ҳараку ҟазауааны иҟаларц, рҵара ашьҭахь рыҩныҟақәа ианыгьыжьлак ирықәнагахаша аусурҭа ҭыԥқәа роурц ҳәа иҳәеит амаҵзура ахада. Аха иҟоу асистемала арҭ апланқәа аԥсҭазаара раларҵәара мариам.

Россотрудничество - Sputnik Аҧсны
Аиҭакра дуқәа рымҩала – иарбан реформақәоу Россотрудничество иазыԥшу

"Иҟоуп Урыстәыла аҵараз иааз, нас еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны ԥссаҩыс, машьынарныҟәцаҩыс аусура иалагоит рҵара гәыгәҭажьны", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит макьаназы планк шыҟам асистема ареформа азуразы, апроблема алацәажәара шакәу изҿу. Аха ареформақәа рыда ԥсыхәа ыҟам ҳәа иҳәеит Евгени Примаков.

Аквотақәа 15 нызқь инаркны 30 нызқь рҟынӡа реизырҳара иалацәажәан Аҳәынҭдумаҿ 2020 шықәса алагамҭаз. Усҟан ИАР атәылақәа русқәеи, евразиатәи аинтеграциеи аџьынџьуаа рнырреи рзы аилак ахантәаҩы Леонид Калашников 15 нызқь ҭыԥ азхом ҳәа. Ҿырԥштәны Польша ааигеит. Уа 10 нызқь ҭыԥ Белоруссиа иазоужьуп, иара убасгьы Румыниа Молдова абитуриентцәа рзы 5 нызқь ҭыԥ амоуп. Убри аан Урыстәыла аҵараҵараз азыҳәақәа рхыԥхьаӡара 100 нызқь инархысуеит. Аҵара аминистрра абарҭ зегьы инарыдҳәаланы аҳәаанырцә студентцәа рзы 30 000 ҭыԥ азырхиара агәҭакуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0