Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз иԥсыбаҩ анышә иамардеит Аҟәа

© SputnikЦеремония перезахоронения
Церемония перезахоронения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Борис Кәыҵниа дрытҟәеит 1993 шықәса нанҳәамзазы, уи ашьҭахь Дранда дҭакны дрыман.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Борис Кәыҵниа иԥсыбаҩ шьақәыргыланы анышә иамардеит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны асабша, цәыббра 26 рзы.

Анышәамадара ацеремониа даҭааит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа.

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны иҭахаз ргәаладыршәеит Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны

Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак аиҳабы ицхырааҩ Борис Казанба еиҭеиҳәеит ишьақәыргылоу аԥсыбаҩқәа аибашьцәа рҭаацәа ишрыҭахо анаҩс анышә рамадаразы.

"Аԥсыжырҭақәа ыҟазар ахьауа ҳәа аинформациа аимдара иазку аԥсуа гани ақырҭуа гани реиқәшәарақәа рҳәаақәҵаразы Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь еилакы аус ауеит 2010 шықәса раахыс", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак аиҳабы ицхырааҩ Борис Казанба.

Абыржәтәи аамҭазы ишьақәыргылоуп ҩ-нызқьи ҩышәҩык инареиҳаны Аԥсны аҵакыраҿы хабарда ибжьаӡыз рхаҭарақәа аҩ-ганк рҟынтәи.

"Хәыц-хәыц аинформациа аизгара мҩаԥысуеит, уи иагьалҵшәоуп аԥсыбаҩқәа рыԥшаареи, ишахәҭоу ала аус рыдуланы иазусҭцәоу ашьақәыргылареи", - иҳәеит Казанба.

Аԥсны иахьаҵанакуа хабарда ибжьаӡыз 170-ҩык инареиҳаны иахьазы иазусҭцәоу шьақәыргыланы рҭынхацәа ирыҭоуп, арахь иалоуп Аԥсны инхо реиԥш, Қырҭтәыла инхогьы.

"Ари аус даара ганрацәала еиларсуп, иаарласны алҵшәа узҭо акәым, шықәсыла уанаго ыҟоуп, аха ҳара ҳусура аанаҳкылаӡом, иацаҳҵоит, ауаагьы ҳаилыркаауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аҭагылазаашьа схы иархәаны ааԥхьара ҟасҵоит, аԥсыжырҭақәа ахьыҟоу ҳәа дыррак змоу зегьы аинформациа ҳарҭаларц ма ҳара, мамзаргьы Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь (Аԥсны аганахьала хабарда ибжьаӡыз рус знапы иану), анаҩс урҭ аҭыԥқәагьы ҳаплан иалаҳҵарц", - ҳәа азгәеиҭеит Казанба.

Борис Мураҭ-иԥа Кәыҵниа диит 1951 шықәсазы Мықә ақыҭан. Хабарда дыбжьаӡит Кәыдрытәи ацҳа азааигәара 1993 шықәса, нанҳәа 16 рзы. Иара днаԥшҩын аинышәара апроцесс аан. Ахҭыс шаҳаҭс иамаз иажәақәа рыла, дрытҟәеит, анаҩс Дранда дҭаркит 1993 шықәса, цәыббрамза аиҩшамҭазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0